Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Соледар УАМ ацәыӡ дуқәа шамоу

Урыстәыла Арбџьармчқәа жәабран 24 инаркны Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Украинатәи архәҭақәа ацәыӡ дуқәа рымоуп, уи иахҟьаны аруаа Соледари Марьинкеи рыҵаҟа аибашьра дәы ааныжьны ибналоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла атәыллахьчара аминистрраҿы ахаша.
"Соледар УАМ 10-тәи ашьха-жәыларатә бригада ахарҭәааразы аусмҩаԥгатәқәа раан амобилизациа иахысыз аруаа рҟынтәи хы-хәҭак иахьца-иахьаа умбакәа ибналеит. Уажәшьҭа ари абригада 50% рҟынӡагьы ихаҭәаам", - аҳәоит адырраҭара.
Ацәыӡ дуқәеи аџьаԥҳаны ахьазымхои ирыхҟьаны Марьинка азааигәара иҟоу аиҿагыларақәа ааныжьны ицеит УАМ амеханизациа зызуу 66-тәи абригада 3-тәи абаталион аруаа рыбжеиҳарак рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аруаа иреихсит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа жәба, убри ахыԥхьаӡараҿы Херсонтәи аобласт аҿы иҟоу 46-тәи аҳаирмобилтә бригада, ДЖәР Иаснобродовка иҟоу 56-тәи амотошьаҟатә бригада, Николаев иҟоу 28-тәи амотошьаҟатә бригада. Ашьыжь аихамҩаангыларҭа Калининдорф иеихсны иҭадырхеит арезервистцәа аӡәырҩы, аџьаԥҳаны, арратә техника.
Урыстәыла Арбџьармчқәа жәабран 24 инаркны Однбасс ауааԥсыра рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны Украина аденацификациеи абџьархыхреи азы арратә операциа ҷыда иаҿуп.
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа ДЖәРи ЛЖәРи рымчқәа рыцырхырааны Лугансктәи Жәлар Рреспублика зегьы, Донецктәи Жәлар Рреспублика ахәҭак, иара убас Херсонтәи аобласт зегьи Запорожтәии Харьковтәии аобластқәа рыхәҭаки рхы иақәиҭыртәхьеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи арбџьармчқәа Соледар рцәыӡқәа ҩнызқьҩык иреиҳауп