Аԥсны

Урыстәыла атәылауаҩ илыцәӷьычыз ауаҩы дшьақәыргылоуп

Азинеилагаҩ ахараԥса идҵахоит 10-25 нызқь мааҭ рҟынӡа, мамзаргьы фымз инаркны шықәсыкынӡа хәыдаԥсада аусура, ма хышықәса рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәхоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Аҟәа ААР аусҭҵааратә ҟәша аусзуҩцәа Адлеиба имҩаҟны игылоу асасааирҭа "Весна" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аӷьычра аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Псковтәи аобласт ннхо илыцәӷьычын арҭмаҟ, абанктә хсаалагақәа, ақьырсиантә ныхачаԥа.

Аусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа оперативла ишьақәдыргылеит ацәгьа зуз 2002 шықәсазы ииз Ҭамаз Ахмедов шиакәыз. Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит, ииӷьычыз имырхит.
Ахаҵа иганахь ала ашьаус хацыркуп, атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы иҭаны доушьҭуп.