Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Азови"* "Аидари" рҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа ДЖәР аҿы иҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Урыстәыла авиациа ДЖәР аҿы "Азови" Аидари" рҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа ҭадырхеит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит Атәылахьчара аминистрраҿ.
"Урыстәыла АҲМ икылкааны ихысуа абџьар ала Николаевка араион аҿы амилаҭеилыхыҩцәа реиҿкаара "Азов" агәыԥ агыларҭеи Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Соледар араион аҿы амилаҭеилыхыҩцәа реиҿкаара "Аидар" агәыԥ ргыларҭеи ирылахысит. Инырҵәоуп 50-ҩык инарзынаԥшуа амилаҭеилыхыҩцәеи 12 ак аибашьыга техникеи", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аминистрраҿы иара убасгьы ирҳәеит амилаҭеилыхратә еиҿкаара "Кракен" алахәылацәа 58-тәи рмотошьаҟатә бригада аилаԥыххаараан урыстәылатәи ар ирцәыбналаз шәҩык украинатәи аруаа кыдҵан ишыршьыз.
Харьковтәи аобласт Старыи Салтов иахьаҵанакуа иҭархоуп шәҩык инареиҳаны украинатәи аруаа, Запорожиатәи аобласт Дорожнианка иахьаҵанакуа ааха аҭоуп абџьари арратә техникеи рыҵәахырҭа, иҭархоуп 15 ак акәылӡтехникеи автомобилтә техникеи.
*Урыстәылатәи Афедерациаҿы аиҿкаара террористтәуп ҳәа ишьоуп.