Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: Украина Запорожтәи аобласт аҿы ахимиатә бџьар ахы ианархәеит

Урыстәыла киевтәи арежим Запорожие иҟанаҵоз аҳәынҭқарратә терроризм шьақәзырӷәӷәо адокументқәа анализқәа рыцҵаны реиқәыршәара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Украина Запорожтәи аобласт аҿы урыстәылатәи аруааи аҭынч уааԥсыреи рганахьала ашҳам злаз амаҭәашьарқәа ахы ианархәеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Донбасси егьырҭ арегионқәеи рҿы аибашьра иахьаҵахо азы Зеленски ирежим атеррористтә актқәа ҟарҵарц рыӡбеит урыстәылатәи аруааи аҭынч уааԥсыреи рганахьала ашҳам злаз амаҭәашьарқәа рхы иархәаны", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, ԥхынгәы 31 рзы запорожтәи аобласт аҿы аиланхарҭа Василиевка иахьаҵанакуа зус назыгӡоз урыстәылатәи аруаа арратә госпиталь иҭашәеит амгәахьаа ӷәӷәа рыманы. Урҭ ангәарҭа ашьҭахь еилкаахеит рцәа ашҳам – ботулотоксин "В" шалаз.
Урҭ ашҳам шрылалаз шыҟалаз атәы аҭҵааразы Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу арратә медицина аҭҵаарадырратә ԥышәаратә институт аҟазауаа даҽа анализк мҩаԥыргеит, уи даҽазнык иаршаҳаҭит аруаа иԥсабаратәым ашҳам ботулотоксин "В" шрылаз.
"Киевтәи арежим ахимиатә терроризм имҩаԥнагаз азы адыррақәа хара имгакәа ОЗХО ахь инашьҭуп", - рҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы.
Уи адагьы, атәылахьчара аминистрра иҭнаҵаарц агәы иҭоуп Херсонтәи аобласт аамҭалатәи ахадара анапхгаҩы Владимир Сальдо ашҳам злаилалаз.