АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Ажурналист, аполитолог Дариа Дугина лышьра гәҭакыла заа иҿаҵан ҳәа рҳәеит Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Ашьаусҭҵаара иамоу адыррақәа рыла, ацәгьоура заа ргәы иҭан, иҿаҵоу ацәгьоура аҟазшьақәа амоуп,- аҳәоит адырраҭаҿы.
Ашьаусҭҵааратә усбарҭа ишьақәнаргылеит арҭҟәацга арныҟәцаҩ иганахьала амашьына ишаҵаз.
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы анапхгаҩы Александр Бастрыкин инапынҵала, Урыстәылатәи афилосов, апублицист Александр Дугин иԥҳа Дариа Дугина лышьразы ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит аилак аппарат хада.
Нанҳәа 20 ауха Одинцоватәи ақалақьтә округ аҳабла Большие Виаземы араион аҟны ажурналист, аполитолог Дариа Дугина дзықәтәаз амашьына амца акит. Еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ иԥҳа аҭыԥаҟны лыԥсҭазаара далҵит.
Ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп. Иҟалаз зыхҟьаз аҭҵаара иаҿуп.