https://sputnik-abkhazia.info/20220821/ashausaarat-eilaky-dugin-ia-lyshra-gakyla-inagan-a-aama-anaeit-1041059891.html
Ашьаусҭҵааратә еилакы Дугин иԥҳа лышьра гәҭакыла инагӡан ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Ашьаусҭҵааратә еилакы Дугин иԥҳа лышьра гәҭакыла инагӡан ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Sputnik Аҧсны
Ашьаусҭҵааратә усбарҭа ишьақәнаргылеит арҭҟәацга арныҟәцаҩ иганахьала амашьына ишаҵаз. 21.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-21T14:26+0300
2022-08-21T14:26+0300
2022-08-21T14:26+0300
ажәабжьқәа
ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/15/1041059237_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_410a383d149c7f7c99ab13a0398ad9d8.jpg
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Ажурналист, аполитолог Дариа Дугина лышьра гәҭакыла заа иҿаҵан ҳәа рҳәеит Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.Ашьаусҭҵааратә усбарҭа ишьақәнаргылеит арҭҟәацга арныҟәцаҩ иганахьала амашьына ишаҵаз.Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы анапхгаҩы Александр Бастрыкин инапынҵала, Урыстәылатәи афилосов, апублицист Александр Дугин иԥҳа Дариа Дугина лышьразы ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит аилак аппарат хада.Нанҳәа 20 ауха Одинцоватәи ақалақьтә округ аҳабла Большие Виаземы араион аҟны ажурналист, аполитолог Дариа Дугина дзықәтәаз амашьына амца акит. Еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ иԥҳа аҭыԥаҟны лыԥсҭазаара далҵит.Ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп. Иҟалаз зыхҟьаз аҭҵаара иаҿуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20220821/urystylati-afilosov-aleksandr-dugin-ia-dyrshit-podmoskovie-1041054649.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/15/1041059237_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_c37b3698485ce83b7ce6a2314022b931.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ахҭысқәа
Ашьаусҭҵааратә еилакы Дугин иԥҳа лышьра гәҭакыла инагӡан ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Ашьаусҭҵааратә усбарҭа ишьақәнаргылеит арҭҟәацга арныҟәцаҩ иганахьала амашьына ишаҵаз.
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Ажурналист, аполитолог Дариа Дугина лышьра гәҭакыла заа иҿаҵан ҳәа рҳәеит Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы. Абри атәы
аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Ашьаусҭҵаара иамоу адыррақәа рыла, ацәгьоура заа ргәы иҭан, иҿаҵоу ацәгьоура аҟазшьақәа амоуп,- аҳәоит адырраҭаҿы.
Ашьаусҭҵааратә усбарҭа ишьақәнаргылеит арҭҟәацга арныҟәцаҩ иганахьала амашьына ишаҵаз.
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы анапхгаҩы Александр Бастрыкин инапынҵала, Урыстәылатәи афилосов, апублицист Александр Дугин иԥҳа Дариа Дугина лышьразы ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит аилак аппарат хада.
Нанҳәа 20 ауха Одинцоватәи ақалақьтә округ аҳабла Большие Виаземы араион аҟны ажурналист, аполитолог Дариа Дугина дзықәтәаз амашьына амца акит. Еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ иԥҳа аҭыԥаҟны лыԥсҭазаара далҵит.
Ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп. Иҟалаз зыхҟьаз аҭҵаара иаҿуп.