Аԥсны

Асценахь агьежьра: насыԥ зцу Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара

Атеатр актриса лзанааҭ змоу, аха 30 шықәса раахыс асценахь ицәырымҵыцыз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа сынтәа Аԥсуа театр аҿы ахәаԥшцәа лҟазара длырбеит. Иахьатәи ланҵамҭаҿы лара Шоҭа Ҷкадуа ипиеса "Ҳауа идагәада" ахҳәааи аспектакль лалахәра шыҟалази ҳалҳәоит.
Sputnik
Ашәҟәыҩҩы Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара сара сзы иацуп насыԥк. Раԥхьаӡа уи искетчқәа ашколтә қәгыларақәа рҿы инасыгӡон. Анаҩс, ашкол саналга 1981 шықәсазы Қарҭтәи атеатртә институт санҭалоз апроза аԥхьараҿы иара исатиратә жәабжь "Лиҭ иблокнот" алысхит, сара сзы уи қәҿиарахеит. Усҟан ашәҟәыҩҩы далахәын актиортә факультет ахь аҿар ралхразы еиҿкааз акомиссиа. Ҷкадуа ипроза аԥышәарақәа рыҭираҿы сылаԥш задхалаз, иара иалан адиалогқәа, акомиссиа рҿаԥхьа абитуриент ихы ацәыргаразы иманшәалан.
Исҳәарц сылшоит иара иестрадатә ҩымҭақәа аԥхьа инаргыланы, атеар ахь исоуз абзиабараҿы анырра ду ҟарҵеит ҳәа. Аамҭа цеит. Аҵара салганы сааит, аха атеатр аҟны саанымхеит. Абар инеиԥынкыланы 30 шықәса ирықәын, актриса лаҳасабала асцена сықәымлеижьҭеи, аибашьра ашьҭахь зметраж маҷу акиноқәа рҿы сыҽҭысхзаргьы. Зегь аамҭак, аамҭак рымоуп.
Сынтәа Шоҭа Ҷкадуа ишықәсуп ҳҳәар ауеит, избанзар, акомедиограф аԥсуа литературеи атеатри зеиӷьыҟам апиесақәа рзынзыжьыз ашәҟәыҩҩы ихыҵуеит 90 шықәса. Аԥсуа театр аҭоурыхаҿ Ҷкадуа исатиратә комедиа "Ҳауа идагәада?" зегь реиҳа анарха зауз, акырынтә иқәдыргылахьо рҿиамҭоуп. Асовет аамҭазы зыхәаԥшра сахьӡаз Шьалуа Гыцба Аҟәатәи жәлар ртеатр аҿы иқәиргылаз ауп.
Аԥсны
Аҳра зуаз акомедиограф: Шоҭа Ҷкадуа 90 шықәса ихыҵразы
Акомедиограф иаҳасабала Шоҭа Ҷкадуа аԥхьагылара змаз драматургын, уи амакрагьы уадаҩуп, ипиесақәа ртеатртә лахьынҵа уацклаԥшыр. "Алоу дгәаауеит", "Акьанџьа" "Акасы", "Ҩыџьа апрофессорцәа", "Аԥсра аиҭаԥсра", "Амардуан" уҳәа Аԥсуа театр аамҭа-аамҭала асценаҿы ахәаԥшцәа ирыдыргалон адраматург ипиесақәа.
Дыҟам шамаха уи идраматургиа иазхьамԥшыц қәыргылаҩык – Шәарах Ԥачалиа, Азиз Агрба, Нелли Ешба, Хәыта Џьапуа, Михаил Мархолиа, Дмитри Кәартаа уҳәа, асовет аамҭазы атеатр иадҳәалаз арҿиаҩцәа зегьы лымкаала Ҷкадуа ирҿиамҭақәа ирызҿлымҳан. Аибашьра ашьҭахь акәзар, Д. Кәартаа иқәыргыламҭа "Акьанџьа" Жәлар рартистка Софа Агәмаа еиҭашьақәыргыланы Аҿар ртеатр актиорцәа алархәны ахәаԥшҩцәа идлырбеит, иахьагьы атеатр арепертуар иалоуп. Лара лакәзар, усҟангьы иахьагьы Кафа лроль налыгӡоит.
Иахьа сызлацәажәо акомедиа "Ҳауа идагәада?" аибашьра ашьҭахь арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы икәлыргылахьан. Иахьынӡасгәалашәо, акомедиа ахәаԥшцәа шьахәла ирыдыркылон, иубон автор иааирԥшуа аҭоурых дара ишырзааигәаз.
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Сынтәа ааԥын аҽеиҩнашоны, ари комедиа даҽазнык ақәыргылара лҽазылкит арежиссиор Аргәынԥҳа. Ажәакала, Ҷкадуа икомедиа "Ҳауа идагәада?" дырҩегьых асценахь игьежьит. Арежиссиор ааԥхьара сылҭеит апиесаҿы ихадаратәу Иаза лроль анагӡаразы. Ишгәаӷьыуацәазгьы, рацәакгьы скәанызанит сҳәар мцуп, избанзар, лусумҭақәа акырынтә избахьан, агьама шлымоу агәра згон, насгьы иара автор иҳәан еиԥш, сара сыԥсабараҿы "атеатри абзиабареи еснагь еицын", асцена сықәымлозаргьы атеатр сеиԥхыӡуан, аспектакльқәа еснагь срыхәаԥшуан .
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Абасала, даҽа зныкгьы Ҷкадуа ирҿиара амышьҭа бзиахеит сара сзын, исоуит алшара актриса лаҳасабала асцена ақәлара, ахәаԥшҩы иҿаԥхьа ахырхәара. Ҩымыз инарзынаԥшуа сусура иахаршәаланы Аԥсуа театр ахь арепетициақәа рзы снеиуан. Акыр шықәса атеатр аҿы сыҟамзаргьы, уа ихәмаруа актиорцәа сара ибзианы издыруа роуп, убри аҟынтә, уамакгьы исцәыуадаҩмызт аус аҽалагалара. Аха, исҳәоит имӡакәа, арежиссиор абзазаратә хырхарҭа аспетакль иалҭарц лгәы ишҭам гәасҭеит, еиҳа иуадаҩу амҩа шалылхуаз еилыскааит, аха ахьаҵра бзиа излазымбо ала, ароль анагӡара иацысҵеит.
Иахьа ишаҳдыруа еиԥш, иҟам аколхоз, иҟам уаҟа иаарԥшу еиуеиԥшым абзазаратә еизыҟазаашьақәа, даҽакала иаҳҳәозар, иахьатәи аԥсуа қыҭаҿы абригадир дыҟам, аха аинтернет цәырҵхьеит. Убри аҟынтә, ақәыргылаҩ лнапы алалкит ҳаамҭа иақәшәо акомедиа аԥҵара. Ароль ҿырҳәала аҵара сара сацәыхҟьахьан, азныказы сагьаршәеит. Интересын, ҳәарада, аха иагьыуадҩын, арежиссиор дызқәылаз, абзазаратә пиеса амодерн ҟазшьа змоу акомедиа алхра.
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Шоҭа Ҷкадуа автор иаҳасабала иқәиргыло апроблема – ақыҭеи ақалақьи реизыҟазаашьа, ауаҩы занааҭ имамзаргьы ақалақь ԥсҭазаара дазгәышьуа иахьыҟоу, насгьы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа риааираҿы "амҩахәасҭа еиҩысҭаақәа" рыԥшаара, амчреи ауаажәларреи реиҿагылара уҳәа, иахьагьы зегь актуалтәуп. Иалҵыз алҵшәа атәы ахәаԥшҩы иҳәароуп, аха сара избо ала, 60 шықәса раԥхьа аколхоз аҿы иҿиоз аҭоурыхи, апроблемақәеи арежиссиор лыбзоурала ҳаамҭа иахьазааигәоу рацәоуп, убас иҟаз асценатә хаҿы ахалҵеит. Аспектакль аҿы акырџьара атекст ацымхәрас етиуд ҳасабла иҟаҵоу асценақәа иԥылоит ахәаԥшҩы, иаҳҳәап Бида "апредседатла" диацәажәарц данцо.
Исҳәар ауеит музыкатә комедиоуп ҳәа Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа. Уаҟа ахәаԥшҩы ибар илшоит адунеитәи амузыкатә қәгыларақәа ршәалҟьамра. Атеатр шәаҭаар игәашәҭоит иахьа имҩаԥысуа аинформациатә еибашьра ҳәа изышьҭоу ахаҭаԥсаҭа – Иаза арадио даназыӡырҩуа илаҳауа ажәабжьқәа. Иара убас, апиесаҿ зыӡбахә рҳәо, аха рольла иазгәаҭам аперсонажцәа цәырылгоит аҵакы ишлыҵанаҳәо ала - Жьулиа бзиа илбо Илушеи иԥҳәыси, – Лучано Паваротти, Монсеррат Кабалье, Маикл Џьексон уҳәа амузыка абзиабаҩцәа зеиԥхыӡуа амузыкатә ҟазара ахаҿқәа.
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Арежиссиор давымсит иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿ ирлас-ырлас ҳзыхҭыгәло амитингқәа, уи аарԥшуп Минаҭ (Ц. Инаԥшьба) Бида иқәу луал ылылгарц данаауа. Ақәыргылаҩ арҭ асиужетқәа адраматургиа иалалыӡҩеит автор иаԥиҵаз апиеса аҵакы дацәхьамҵкәа. "Иалагалоу атрибутқәа зегьы, ус баша естрадатә номерқәаны акәымкәа, агәыцә аанарԥшуа, апиеса иахәо, иацхраауа иҟанаҵеит", - лҳәоит атеатрҭҵааҩ Светлана Қорсаиаԥҳа аспектакль ахҳәаа азуа.
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Сгәы иаанагоит иахьатәи аҿар уи адкылара рзымариоуп, избанзар, араҟа ибзианы иаҳдыруа иахьатәи ахаҿқәа рыдагьы, иахьа иаҳку амобилтә ҭел инаркны, еиуеиԥшым адискотекақәа уҳәа, ҳаамҭазтәи аҿар ргәы зызцо амотивқәа рацәоуп. Қорсаиаԥҳа иазгәалҭеит иара убас, "атеатр аҩнуҵҟа атеатр" ҳәа ззырҳәо арежиссиор илыԥшааз астиль аспектакль даара ишанаало. Адәахьала иахәаԥшны ҳаамаҭазтәи аиумор ззыԥшаау усумҭаны илбоит лара.
Ақәыргылаҩ Аргәынԥха илҭахымхеит иаҳбац абзазаратә комедиа ақәыргалара, уи анагӡара еиҳагьы ишымариоугьы. "Ҳауа идагәада?" аҿы арежиссиор иаанылмыжьӡеит акулисақәа ҳәа изышьҭоу аԥарда хҵәахақәа. Уи ала илыруадаҩит асценаҿ актиорцәа рыхәмарра, избанзар, азал аҿы итәоу рзы иаартуп Ҷкадуа иперсонажцәа асцена анаҩс рынеиааирақәа, уимоу асцена анҭыҵ аус зуаз ацхырааҩцәагьы русура ахәаԥшҩы ибараҭоуп.
Асценографиа атәы ҳҳәозар, арежиссиор асахьаҭыхҩы дадлымгалаӡеит, иара убас музыкала лара еиқәлыршәеит. Асценаҿы ахархәара рымоуп ауардын, астол, асқамқәа. Хымԥада, аамҭа егьа царгьы, згәыцә ҵаулоу арҿиамҭа арежиссиорцәа азхьаԥшлоит, избанар есаамҭа иамоуп инаунагӡатәу азҵаатәқәа, шәышықәсала иӡбам, абиԥарақәа еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа.

Атеатр ахь сныҟәонаҵы игәасҭеит, имариам аамҭақәа шырхыргахьоугьы, актиорцәа ишрымоу агәазыҳәара асценахь ацәырҵразы. "Ҳауа идагәада?" аҿы ихәмаруеит аиҳабыратәи, абжьаратәи, аиҵбыратәи абиԥарақәа ирхыԥхьаӡалоу актиорцәа: Даур Арухаа (Бида), Ҭамара Аҩӡба (Нанду), Сырбеи Сангәлиа (Кәасҭа; адиктор), Циала Инаԥшьба (Минаҭ), Хьыбла Мықәба (Мажьулиа; Маикл Џьексон), Кристина Цымцба (Жьулиа), Саид Кәакәасқьыр (Ардашьыл), Гәыдал Ҳагба (Леуа), Виачеслав Арӡынба (Лучано Паваротти), Елизавета Ҷкотуа (Илиуша иԥҳәыс; Монсеррат Кабалье,) Ерик Ҭыркьба (Илуша; ахреографиатә композициақәа рынагӡаҩ).

Даара игәахәаран сара сзы, урҭ рыцыхәмарра. Ақәыргыламҭа иаанарԥшуеит аԥсҭазаара еснагь ишацу зегь ирзеиԥшу ауадаҩрақәа – анхара, анҵыра, аԥсҭазаара бзиа азгәышьра, аха алшареи алымшареи еиҿыбааны изызгәамҭо, идагәамкәа зыҽзырдагәо ауаа шыҟоу. Апиеса аҿгьы, аспектакль аҿгьы цәаҳәа хаданы иалкаауп - ақыҭақәа рааныжьра азҵаатәы.
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Ҷкадуа икомедиа аԥсҭазаара иасаркьоуп, аха арежиссиор уи иахьатәи ашәыгақәа азылмыԥшаар - иҟаларын ус анкьа асовет аамҭазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирхаҿхар. Иҳақуп сгәахәуеит акомедиограф ииубилеи аламҭалазы абас еԥш иҟоу арҿиамҭа Аԥсуа театр ахәаԥшцәа иахьрыднагалаз.
Иазгәасҭарц сҭахуп аспектакль азы ргәаанагарақәа шырыҩуа Аԥсны ԥсшьара иҟоу атуристцәагьы. Урҭ ируаӡәку, акырынтә ҳтәылаҿы зыԥсы зшьахьоу, Аԥсуа театр иаҭаало Светлана Карпова Аргәынԥҳа лықәыргыламҭазы лазгәаҭақәа абас иҟоуп: "Ас еиԥш иҟоу спектакль џьаргьы исымбаӡац, ари амузыкатә водевиль еиԥшуп, аха акомедиеи атрагедиеи еицуп".
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Ииашаҵәҟьаны, аспектакль иаҭаауа ирымбарц залшом, "Ҳауа идагәада?" иахьатәи иҿыцу аверсиа ишацу алахьеиқәра, аромантика, алаф, амузыка, хореографиа. Абраҟа рыӡбахә мҳәакәа сзавсуам, абжьы арежиссиор Ҭемыр Агрба, алашаразы асахьаҭыхҩы Алексеи Криучков, алашара зырԥхо Инал Џьалаӷониа. Атеатр коллективтә ҟазароуп, араҟа актиорцәа инарыгӡо амаҵ азыруеит егьырҭ ахәаԥшҩы иимбо арҿиаҩцәагьы. Убарҭ иреиуоуп уажә зыӡбахә сҳәаз.
Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара
Адраматург бзиа алитературатә рҿиамҭа аԥиҵоит, иҟазоу арежиссиор асценатә ԥсҭазаара алихуеит. Сызлацәажәо арҿиамҭаҿы абарҭ аҩ-компонентк еиқәшәеит сгәахәуеит. Шоҭа Ҷкадуа икомедиа "Ҳауа идагәада?" 90 шықәса ихыҵра аламҭалаз асценахь игьежьит.

"Адрама - егьырҭ алитературатә жанрқәа раҵкыс аԥсҭазаара иазааигәоуп, аха иуадаҩу жанруп. Амилаҭ рыхдырра ашьҭыхраҿы аҳәынҭқарратә ҵак ду амоуп амилаҭтә драма. Аспектакль ҟәыш минуҭқәак рыла иунарбо, иунарҳауа – аԥсҭазаараҿ шықәсыла иузбом, иуаҳауам. Атеатр еицыҩныҵуеит қәралеи хшыҩлеи еиҟарам, занааҭла еиԥшым ахәаԥшцәа шәҩыла. Минуҭқәак рыла уахьынтә идәылҵуеит гәҭакык змоу уааны; изхәаԥшыз џьоукы бзиа еицырбеит, шьоукы еицырцәымыӷхеит – ироуит ацәажәатә",- абас дазхәыцуан адраматург атеатр.

Сызлацәажәо аспектакль "Ҳауа идагәада?" аҿы автор ихәыцрақәа рыгәҭакы нагӡоу џьысшьоит. Ҳәарада, сара уи саламызҭгьы, ахәаԥшҩы лпозициаҿ сыҟазҭгьы, иҟаларын еиҳа инарҭбааны исҩыр. Сажәа хыркәшо, иҭабуп сҳәоит атеатр анапхгареи арежиссиори рганахь 30 шықәса рнаҩс алшара ахьсоуз асценахь агьежьразы.