Аԥсны

"Грифон" Аԥсныҟа амшынтә ныҟәарақәа ааннакылеит

Атуристтә ӷба "Грифон" Шәачантәи Аҟәа абаӷәазахь иаауеит хԥеи бжаки сааҭ ирылагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Шәачеи Аҟәеи рыбжьара амшынтә еимадара аанкылоуп атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны, абри атәы аанацҳауеит амҩангаратә еилахәыра "Водоходъ Экспресс".
"Нанҳәа 20-22 рзы ареисқәа зегьы аанкылан атхникатә мзызқәа ирыхҟьаны. Абилеҭқәа рыҭирақәагьы аанкылоуп аӷбақәа ртехникатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу еилкаахаанӡа", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Мшынла амҩангарақәа аанкылоуп Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рыбжьарагьы: Новороссиском, Геленджик, Шәача.
Аԥсны
Мшынла Аԥсныҟа: атуристтә катамаран "Грифон" Аҟәатәи абаӷәаза иаадгылеит
Апассаџьыртә катамаран "Грифон" Аԥсни Урыстәылеи мшынла еимнадо иалагеит лаҵарамза алагамҭазы, иныҟәарц агәы иҭоуп жьҭаарамзанӡа.