Аԥсны

Аурыс туроператорцәа: сынтәа Аԥсныҟа атуристцәа 10% рыла еиҳаны иааит

Аԥсны акадифаамҭа қәҿиарала имҩаԥысуеит, ареспублика еиҳа аԥсшьараз урыстәылаа иалырхуа аҭыԥқәа хәба ирыҵанакуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аԥхынтәи асезон аихшьалақәа рыла ииасыз ашықәс иаҿырԥшны сынтәа Аԥсныҟа атуристцәа 10% рыла еиҳаны иааит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин.
Ари Аԥсны ахәқәа 10-15% рыла иахьеиҵоу ауп изыдҳәало иҳәеит иара. Убри аан Ромашкин иазгәеиҭеит егьырҭ ахырхарҭақәа рахь атуристцәа еиҳа еиҵаны ишцаз. Иаҳҳәап, Ҟрым ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 50% еиҵахеит.
Аԥсны
Аԥсны акадифаамҭаз аԥсшьаразы иреиӷьу ахырхарҭақәа хәба иаҵанакит
Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза аус шауагьы, бжьымзтәи арбагақәа рыла 2-3% атуристцәа ацәыӡит 2019 шықәса иаҿырԥшны. Убри аан бжьаратәла ахәқәа 15% ирыцлеит иҳәоит Ромашкин.
Уаанӡа Вестник АТОР адырра ҟанаҵахьан нанҳәамза анҵәамҭаз Аԥсны ахәқәа амза алагамҭа иаҿырԥны 11% ишрыгхо.