Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акадифаамҭаз аԥсшьаразы иреиӷьу ахырхарҭақәа хәба иаҵанакит

© Sputnik / Томас Тхайцук Жаркое лето 2022 года
Жаркое лето 2022 года  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Анапаҵаҩра
Атуроператор "Дельфин" адыррақәа рыла, ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны сынтәа аԥсшьаразы Аԥсны ахырхарҭа аҭаххара 15-20% иацлеит.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны акадифаамҭаз аԥсшьаразы иреиӷьу ахырхарҭақәа хәба иаҵанакит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР).
Ареитинг аҿы актәи аҭыԥ ннакылеит Шәача, атуроператор FUN&SUN нанҳәа 1 азтәи адыррақәа рыла, Аолимпиатә ҳҭнықалақь аҿы цәыббрамзазы аҿаҵарақәа 2021 шықәса иаҿырԥшны 72% ихалеит.

Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит. Ара аҵакы амоуп шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҳәаа иахьаԥну, егьырҭ Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа рҿы аасҭа ахәқәа рылаҟәра.

Атуроператор "Дельфин" адыррақәа рыла, атурқәа рыҭираҿы Аԥсны ахырхарҭа 12 процент иацлеит ҵыԥх аасҭа, иартәеит 41%. Атуроператорцәа иазгәарҭоит иҭацәу ауадақәа рыԥшаара шыуадаҩу.
Ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит Анапа, уа аҳаирбаӷәаза шаркугьы. Аԥшьбатәии ахәбатәии аҭыԥқәа ныркылоит Аминералтә ӡқәеи Геленџьики.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2022
Аԥсны
Акадифаамҭаз Гагра аԥсшьаразы ахәԥсақәа еиҵахоит ԥхынгәымзазы аасҭа
Ҟрым сынтәа ари ареитинг иаҵанамкит, аҳаирбаӷәаза ахьаркуи Украинатәи ахҭысқәа иахьырзааигәоуи ирыхҟьаны.
Уи адагьы атуроператорцәа иазгәарҭоит аԥхын анҵәамҭеи ҭагалан алагамҭеи рзы атурқәа рыхәқәа 10-15% ишышьҭыҵуа. FUN&SUN адыррақәа рыла, цәыббрамзазы Аԥсны ҩыџьа мчыбжьык рыԥсшьара 18 000 мааҭ ирызтәоит.
Жаркое лето 2022 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Аԥсны
Амра аныӷәӷәоу: ашоура умысырц азы иҟаҵатәу
Ажәабжьқәа зегьы
0