Урыстәыла АШәМ ажурналистка Дариа Дугина лышьра аус аадырԥшит

Нанҳәа 20 ауха Одинцовтәи араион иахьаҵанакуа Можаитәи амҩаду аҿы ажурналист, аполитолог Дариа Дугина зыԥсҟы лкыз амашьына блит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ ажурналистка Дариа Дугина лышьра аус аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит УА АШәМ Ауаажәларра рымадаразы ацентр.

"Урыстәыла АШәМ аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа имҩаԥнагаз ирылҵшәаны ажурналистка, 1992 шықәсазы ииз Дариа Дугина лышьра аус аадырԥшит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

АШәМ адыррақәа рыла, Дугина лҭахара украинатәи амаҵзурақәа алахәуп. Ацәгьоура ҟалҵеит Украина атәылауаҩ, зыԥҳа дзыцны ԥхынгәы 23 рзы Урыстәылаҟа иааз Наталиа Вовк.
Дариа Дугина данҭаха ашьҭахь Вовк лыԥҳаи лареи Псковтәи аобласт иалсны Естониаҟа дцеит.
Ашьаусҭҵааратә еилакы Дугин иԥҳа лышьра гәҭакыла инагӡан ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Нанҳәа 20 ауха, Одинцовтәи араион иахьаҵанакуа Можаитәи амҩаду аҿы ажурналист, аполитолог Дариа Дугина зыԥсҟы лкыз амашьына блит. Заанаҵтәи аверсиала амашьына иаҵаҵаз артҟәацга аус ауит.