Аԥсны

Арҵагашәҟә ҿыцқәа рыҭахоит Аԥсны 1-7 аклассқәа рҵаҩцәа

Сынтәа актәи акласс ахь раԥхьатәи ршьаҿа еихыргоит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Арҵаҩцәа русура нап адыркхьеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҟынтә арҵагашәҟә ҿыцқәа рыҭахоит Аԥсны 1-7 аклассқәа рҵаҩцәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрра ауаажәларра рымадараз аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.

Зынӡа ареспубликахь аҵара аминистррақәа реицәажәарала иаагоуп 160 000 шәҟәы. 1-7 аклассқәа рзы ашәҟәқәа ашколқәа рбиблиотекақәа рҿы еихшоуп, ашәҟәқәа заураны иҟоу 95% ирыҭоуп.

Қәҭелиа иҳәеит иахьазы Урыстәыла Аҵара аминистрра ДЖәРи ЛЖәРи рахь ашәҟәқәа рынашьҭра аԥыжәара ахьарҭо инамаданы 10-11 аклассқәа рзы ашәҟәқәа Аԥсныҟа иаагахоит цәыббра агәазы, анаҩс – 8-9 аклассқәа рзы. Иара иҳәеит хышықәса рыла Аԥсны ашколқәа 100% рыла ишеиқәыршәахо.
"Уаанӡа Аԥсны аҵара аминистрра ашколқәа еиқәнаршәон аԥсуа бызшәеи алитературеи рышәҟәқәа рыла. Сынтәа раԥхьаӡа акәны егьырҭ амаҭәарқәа рзгьы ашколқәа рҵагашәҟәыла еиқәыршәахоит. Еилаҳкаауеит аҭаацәа рыуадаҩрақәа. Иаҳҭахуп ацхыраара раҳҭарц", - иҳәеит иара.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәарҷелиаԥҳа актәи акласс ахь ахәыҷқәа рыдкылара иазкны
Қәҭелиа иазгәеиҭеит аминистрра аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟагьы зылшарақәа ԥку аҭаацәарақәа рхәыҷқәа школмаҭәала ишеибынаҭо. Сынтәагьы иалаҵаз азыҳәақәа рыла ашколмаҭәа аахәоуп.