Аԥсны

Ҟрым иаԥҵоуп Аҩыза-ҳәынҭқаррақәа ркомандақәа рзы ашьапылампылтә Лига

Арҭ амшқәа рзы Евпаториа имҩаԥысуеит раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество", уи иалахәуп Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, Харьковтәи аобласт, Ҟрымтәи ашьапылампылтә хеилак рхаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Ҟрым иаԥҵоуп Аҩыза-ҳәынҭқаррақәа ркомандақәа рзы ашьапылампылтә Лига, абри азы аҳәамҭа ҟарҵеит раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество" аҟны, аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Ахеилак иалалеит Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, Херсонтәи, Запорожиетәи, Харкьковтәи аобластқәа ркомандақәа, иара убас Ҟрыми Севастополи Ареспубликақәа.
Аԥсны
Гәбаз иҳәеит Аԥсны Ҟрым имҩаԥгахо ашьапылампыл азы еиду ачемпионат аҽалархәра ишазыхиоу
Аҩыза-ҳәынҭқаррақәа ркомандақәа рзы ашьапылампылтә лига раԥхьатәи ачемпионат мҩаԥгахар алшоит иааиуа ашықәс азы, абри азы афорум аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аспорт азы аминистр ихаҭыԥуаҩ Одес Баисултанов. Атурнир мҩаԥгахар алшоит хәажәкыра-абҵара 2023 шықәсазы.
Афорум аиҿкааҩцәа иҟарҵаз адыррақәа рыла, аилак аԥҵоуп Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, иара убас арратә аоперациа иабзоураны Украина иалҵыз аҵакырақәа рҟны ашьапылампыл аҿиаразы.