Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәбаз иҳәеит Аԥсны Ҟрым имҩаԥгахо ашьапылампыл азы еиду ачемпионат аҽалархәра ишазыхиоу

© Foto / Госкомспорта АбхазииДжемал губаз на форуме "Содружество" в Крыму
Джемал губаз на форуме Содружество в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Џьамал Гәбази, Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Гәыблиеи, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аспециалист хада Витали Федоренкои Ҟрым имҩаԥысуа раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество" иалахәуп.
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Аԥсны азыхиоуп Ҟрым имҩаԥгахо ашьапылампыл азы еиду ачемпионат аҽалархәреи, уи аиҿкаараҿы ацхыраара аҭареи, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Џьамал Гәбаз "Крым 24" аинтервиу анеиҭоз.
"Аԥсны ашьапылампыл аҿиаразы аусурақәа мҩаԥнагоит. Ҟрымтәи ашьапылампылтә хеилаки Урыстәылатәи ашьапылампылтә хеилакқәеи ҳареи аиҩызара ҳабжьоуп. Еиду ачемпионат аҽалархәреи, уи аиҿкаараҿы ацхыраара аҭареи ҳазыхиоуп", - иҳәеит иара.
Ԥхынгәымзазы Урыстәыла аспорт аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит аҩыза-ҳәынҭқаррақәа ркомандақәа рзы ашьапылампылтә лига аиҿкаара ргәы иҭоуп ҳәа. Атурнир иалахәхоит Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа, Херсон, Запорожие, Аԥсны, Ҟрым, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ркомандақәа. Раԥхьатәи ачемпионат мҩаԥгахоит хәажәкыра-абҵара 2023 шықәсазы.
Нанҳәа 24-25 рзы Ҟрым имҩаԥысуеит раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество". Уи иалахәуп Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, Харьковтәи аобласт, Ҟрымтәи ашьапылампылтә хеилак рхаҭарнакцәа.
Регионы России. Крым - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2022
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭспорт аиҳабы раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество" далахәхоит
Ажәабжьқәа зегьы
0