Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу: арратә операциа ҷыдаҿы аамҭа агара – ихықәку ӡбамҭоуп

Жәабран 24 раахыс Урыстәыла Украина абџьархыхрази Донбасс ахақәиҭтәрази арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Украина арратә операциа ҷыда амҩаԥгараан аамҭа агара – ихықәку ӡбамҭоуп, аҭынчуааԥсыра рыгәҭа ишалшо ала аԥсҭбарақәа реиҵатәра иазырхоуп, абри атәы иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу ШОС атәылақәа ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылараҿы.
"Аоперациа ҷыда амҩаԥгараан агуманитартә зин аԥҟарақәа ҳрықәныҟәоит. Ажәылара иаҵанакуа Украина Арбџьармчқәа робиектқәеи ринфраструктуреи (анапхагараҭаратә ҭыԥқәа, аҳаирбаӷәазақәа, ахырӷәӷәарҭақәа, абџьаршьҭаҵарҭақәа, арра-ааглыхратә комплексқәа) роуп, иара уигьы икылкаан ихысуа абџьар ала. Иалшо зегь ҟаҳҵоит аҭынчуааԥсыра ԥырхага рмоурц. Ҳәарада, ари ажәылара арццакуам, аха изызхәыцу усуп", - иҳәеит аминистр.
Шоигу иажәақәа рыла, урыстәылатәи аруаа зых иақәиҭыртәыз аҵакырақәа рҿы аҭынч ԥсҭазаара алзыршаша ауснагӡатәқәа ирҿуп.
"Имҩаԥаагоит агуманитартә цхыраара, еиҭашьақәҳаргылоит аинфраструктура", - иҳәеит иара.
Убри аан аминистр иазгәеиҭеит "украинатәи арратә еиҿкаарақәа иқәыблаау адгьылҵакыра атактика ахархәара шарҭо, ишеиларго жәларбжьаратәи анормақәа, террористцәак рыҳасаб ала рхы шымҩаԥырго".
"Ауаа рынхарҭақәа, ашколқәа, ахәшәтәырҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа рхы иадырхәоит ахыхьчараз ма абџьар ашьҭаҵарҭас. Арҭ ахыбрақәа рҵакыраҿы атанкқәеи артиллериеи дыргылоит. Хықәкыла ихысуеит ауаа реиланхарҭахь аминақәа "Лепесток" рыла, иахьынӡазалшо ала аграждантә хаҿқәеи аинфраструктуреи аахақәа рырҭаразы", - иҳәеит Шоигу.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР аҵакыраҿы иҭархоуп 200-ҩык рҟынӡа украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа