Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭеиҵеит

Нанҳәа 26 акрызҵазкуа рыцхәуп - Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара иамшуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵоижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аминистрцәа, аусбарҭақәа, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа русзуҩцәа.
Уи ашьҭахь аделегациа цеит Алада Ешыра ақыҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа ажәлар Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш рыдиныҳәалеит
Жәиԥшь шықәса раԥхьа, нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит усҟантәи Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев.
Уи ашьҭахь Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҵакыраҿы аурыс арратә база аргыларазы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра, иара убас аҳәынҭқаррабжьаратәи аиҳабырабжьаратәи документқәа жәпакы рыбжьарҵеит.