Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа ажәлар Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2022
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 рзы 14 шықәса ҵуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш рыдиныҳәалеит.
"Абри амш инаркны ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рыԥсҭаазараҟны аамҭа ҿыц алагеит. Хьӡы-ԥшала, фырхаҵарыла ианысит Аԥсны жәлар уи аамҭа ҿыц ахь инагаз амҩа. Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп ари амш ҳзаазгаз зегьы хаҭа-хаҭала, ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз", - иҳәеит ахада.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ҳара ахә ҳаракны ишаҳшьо Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара аиашара иадгыланы, агәаӷьра ду аарԥшны иҟарҵаз ашьаҿа, агәрагарагьы ааирԥшит ажәлар иахьагьы аӡәк иеиԥш еидгыланы ҳ-Аԥсны арҿиара, аизҳазыӷьара шалдыршо.
Ахада Аԥсны иқәынхо зегьы ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, анасыԥ, ахирра.
Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Жәиԥшь шықәса раԥхьа, нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит усҟантәи Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәса алҵшәақәа рыла иаагаз ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵа инаркны шьаҿа-шьаҿала иалагеит ҳхьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара.
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.
Ажәабжьқәа зегьы
0