Аԥсны

ЛЖәР ахада Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рхьыԥшымрақәа разхаҵара амш рыдиныҳәалеит

2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахада Леонид Пасечник Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рхьыԥшымрақәа разхаҵара амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалара кьыԥхьуп Пасечник иофициалтә Telegram-канал аҿы.
"Иахьатәи аамҭазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҿиарамҩа иаша иану зинтә ҳәынҭқаррақәоуп, дара ртәылауаа рзы аизҳазыӷьареи ашәарҭадареи иргарантуп", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Пасечник иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит жәларбжьаратәи аилазаара ақәыӷәӷәара ду шыҟанаҵозгьы, ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымрақәа аназханаҵоз ишыҟаз еиԥш.
Иара иацҵаны иҳәеит аибашьра иалҵыз аҩреспубликакгьы Донбасс зҭагылоу арыцҳара ишақәҿырҭыз, ЛЖәР урҭ иҟарҵаз адгылара ахә ҳаракны ишашьо.
Аԥсны
Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымра азхаҵара амш азы адныҳәалара ҟанаҵеит
Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш Аԥсны иазгәарҭоит нанҳәа 26 рзы. Атәыла ауааԥсыра ари аныҳәа рыдиныҳәалеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа.