Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымра азхаҵара амш азы адныҳәалара ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лого МИДа Абхазии
Лого МИДа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2022
Анапаҵаҩра
2008 шықәса нанҳәамзазы Хәымштәи аибашьра ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика ахьыԥшымра азхаҵоижьҭеи 14 шықәса ахыҵижьҭеи. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ари ашьаҿа ҳажәларқәа рлахьынҵа зыӡбаз ак акәхеит. Агәраганы ҳаҟоуп аиашьареи аиҩызареи уасхырс измоу аԥсуа-ауаԥс еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ишыҿиало", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
2008 шықәса нанҳәа 8 рзы ақырҭуа архәҭақәа абзарбзанқәа рыла Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхинвал иалахысит. Урҭ раанкыларазы аурыс архәҭақәа арегион иалагалан.
Аибашьра цон хәымш - нанҳәа 12 рҟынӡа, уи иалҵшәаны Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи ҭынчымҩала аимак аҭышәныртәаларазы аплан рнапы аҵарҩит.
Урыстәыла ахада Дмитри Медведев нанҳәа 26 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа официалла ишазхеиҵо азы. Уи ашьҭахь Қырҭтәыла Урыстәылеи дареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьнахит, Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла иалҵит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа ажәлар Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш рыдиныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0