Аԥсны

Елҟан Гәазаа аџьаз медал даиааит Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи аспортхкқәа рыспартакиадаҟны

Аспартакиада мҩаԥысуеит Москва нанҳәа 26-28 рзы аолимпиатә резерв № 2 иатәу аҵараиурҭаҟны, уи иалахәуп ихьанҭоу атлетцәа 87-ҩык Урыстәыла арегионқәа 26 рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥснытәи ихьанҭоу атлет Елҟан Гәазаа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи аспортхкқәа рыспартакиадаҟны реиҳа иӷәӷәоу аспортсменцәа рыбжьара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Гәазаа Ҭаҭарсҭан ахьӡала дықәгылон 61 килограмм рҟынӡа зыкапан ыҟоу ркатегориахы. Иара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит 267 килограмм шьҭыхны (126 - аҵҟьара, 141 - агәҭасра).
Аԥсны
Елҟан Ӷәазаа араӡны медал игеит атлетика хьанҭазы Урыстәыла ачемпионат аҿы
Елҟан Ӷәазаа Урыстәыла дачемпионуп, Урыстәыла Ахраҿа ианашьоуп, Урыстәыла ачемпионатқәа рҿы араӡны ҩаӡара имоуп, дрекордсменуп, Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп.
Уаанӡа аспортсмен Д.И. Чагәаа ихьӡ зху Калдахәаратәи ашкол-интернат атлетика хьанҭа асекциаҿы иҽазыҟаиҵон СССР аспорт азҟаза Иасон Кьахьба инапхгарала. Уажәы Аолимпиатә резерв иатәу Казантәи аҵараиурҭаҿы аҵара иҵоит, Марат Мадиаров инапхгарала иҽазыҟаиҵоит. Аиндаҭларақәа рҿы Ҭаҭарсҭан ахьӡала дықәгылеит.