"Аҩызцәа аибашьра нахыс иҭышәынтәаланы ара иааны инхо рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы агәынамӡара аадырԥшит. Ус еиԥш ҟазҵаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус ахьырымуа атәы рҳәеит. Ҳаԥхьаҟагьы аҳәынҭқарра рбарц шырҭаху азы агәыӷрақәа аадырԥшит. Наҟ-ааҟ еилых ҟамҵаӡакәа рхьаақәа атәы рҳәеит", - ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа.
Ауаажәларратә усзуҩы далацәажәеит иахьатәи аамҭаз Аԥсны иаакәыршан имҩаԥысуа ахҭысқәа рыҿиашьала изцәырҵуа ашәарҭара атәы. Атәым тәылақәа рҿы иҟоу ҳџьынџьуаа рмилаҭтә хдырра еиқәырхатәуп, мап анакәха, иаарласны Аԥсныҟа иааҳго ажәлар ҳауӡом ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.