Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чкотуа: Аԥсны анҭыҵ иҟоу ҳџьынџьуаа рмилаҭтә хдырра анеиқәҳмырха, иааҳго ажәлар ҳауӡом

Ҷкотуа: Аԥсны анҭыҵ иҟоу ҳџьынџьуаа рмилаҭтә хдырра анеиқәҳмырха, иааҳго ажәлар ҳауӡом
Анапаҵаҩра
30 шықәса раԥхьа нанҳәамза 25 рзы Аԥсныҟа Ҭырқәтәылантәи рџьынџьдгьыл ахьчараз иааит раԥхьатәи агәыԥ. Уи аҳаҭыраз Ауаажәларратә палатаҿы еиҿкаан аиԥылара. Уи иалахәыз Октаи Чкотуа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит аиԥылараҿы излацәажәаз атәы.
"Аҩызцәа аибашьра нахыс иҭышәынтәаланы ара иааны инхо рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы агәынамӡара аадырԥшит. Ус еиԥш ҟазҵаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус ахьырымуа атәы рҳәеит. Ҳаԥхьаҟагьы аҳәынҭқарра рбарц шырҭаху азы агәыӷрақәа аадырԥшит. Наҟ-ааҟ еилых ҟамҵаӡакәа рхьаақәа атәы рҳәеит", - ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа.
Ауаажәларратә усзуҩы далацәажәеит иахьатәи аамҭаз Аԥсны иаакәыршан имҩаԥысуа ахҭысқәа рыҿиашьала изцәырҵуа ашәарҭара атәы. Атәым тәылақәа рҿы иҟоу ҳџьынџьуаа рмилаҭтә хдырра еиқәырхатәуп, мап анакәха, иаарласны Аԥсныҟа иааҳго ажәлар ҳауӡом ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0