Аԥсны

Аԥснытәи акоманда АрМИ-2022 алахәзаара хнаркәшеит

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 мҩаԥысуан нанҳәа 12-27 рзы 12 хәынҭқарра рҵакыраҿы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа АрМИ-2022 ралахәзаара хдыркәшеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкьиа.
Камкьиа иазгәеиҭеит, Аԥснытәи акоманда 34 команда рыбжьара 19 аҭыԥ шаннакылаз.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа быжь-еицлабрак ирылахәын:
"Атанктә биатлон"- 7 аҭыԥ,
"Иҷыдоу аҵҟьара"- 4 аҭыԥ,
"Ельбрустәи амацәаз"- 6 аҭыԥ,
"Арра-медицинатә естафета"- 6 аҭыԥ,
"Аснаипертә рубеж"- 7 аҭыԥ,
"Ари акультуреи",
"Амилаҭтә чыс".
Камкьиа иажәақәа рыла, Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иусԥҟала Аԥснытәи атанкистцәа "Арратә еимабзиара арӷәӷәаразы" амедалқәа ранашьоуп.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рыҿиараҿы илагалазы амедал ианашьан агәыԥ алахәыла, амаиор Нинуа, атанкистцәа ргәыԥ анапхгаҩы, аполковникеиҵбы Уанаҿа аобективла иӡбарақәа рзы аҳаҭыртә шәҟәы ианашьан.

"Иааидкыланы ҳалҵшәақәа цәгьам ҳәа сахәаԥшуеит, амала наҟ-наҟ иҵегь аҽазыҟаҵарақәа ҳҭахуп",- иҳәеит Камкьиа.

Аԥснытәи еизгоу акоманда шьақәгылан 80-ҩык аруаа рыла. Акоманда Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟынтәи иԥрит нанҳәа 3 рзы Москваҟа. Аԥсны АрМИ иалахәуижьҭеи хышыкәса ҵуеит.