Аԥсны

Хышә нызқь иреиҳаны аԥара ԥаршеи имырхит Аԥсны атәылауаҩ

Аԥсны ААР атәылауаа рахь аҳәара ҟарҵоит аԥара дуқәа рыла аоперациақәа анымҩаԥырго ргәырҽанызарц, урҭ ԥаршеиу иԥаршеиму гәарҭаларц.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Тҟәарчал араион Галхәыҷ ақыҭан инхо Аԥсны атәылауаҩ имырхит 315 нызқь мааҭ аԥара ԥаршеи. Абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Хәба-хәба нызқь мааҭ иҟаз аԥара ԥаршеи 24 шықәса зхыҵуа Ника Басариа имашьына аидараҭаҵарҭаҿы ирбеит.
Уи адагьы амашьына аԥхьатәи ахәҭаҿы иҭан еиуеиԥшым аноминал ала иҟаз аԥара, урҭ зеиԥшла 68 нызқь мааҭ иҟан, Амилаҭтә банк дара ԥаршеимызт ҳәа алкаа ҟанаҵеит, аидараҭаҵарҭа иҭаз аԥара акәзар - иԥаршеин ҳәа.
Аԥара ԥаршеи рацәаны ахархәаразы ашьаус хацыркуп, ААР аусзуҩцәа ари ацәгьоура ҟазҵаз егьырҭ ацәгьоуцәагьы аанкылан. Ашьаусԥшаара иацҵоуп.
Аԥсны
Урыстәыла атәылауаҩ илыцәӷьычыз ауаҩы дшьақәыргылоуп