Аԥсны

Аԥснытәи адипломатцәа ҿарацәа Казань имҩаԥысуаз афорум иалахәын

Адипломатцәа ҿарацәа рфорум 2017 шықәса раахыс имҩаԥыргоит, уажәы иара еиҿкаан Казань. Аԥсны есышықәса ари афорум иалахәуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьба. Аԥснытәи адипломатцәа рделегациа Казань имҩаԥысуаз V адипломатцәа ҿарацәа рфорум иалахәын.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵо адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак алахәыла Викториа Маланиаԥҳа лажәақәа рыла, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым атемақәа рыла асеминарқәеи аиҿцәажәарақәеи мҩаԥган.
"Аиԥш зеиԥшу афорумқәа рылахәхара алҵшәа бзиа рымоуп, уи адыррақәа аизырҳареи уаанӡатәи аиҩызара арӷәӷәареи. Иара убас, есааира Аԥсны ахьӡ еиҳа-еиҳа ирдыруеит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аҩызцәа бзиақәа ҳарҳаит", - лҳәеит лара.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рдипломатцәа ҿарацәа злахәыз астолгьежь мҩаԥган. Аиҿцәажәараҟны аганқәа аҿартә хеилак аԥҵареи, уи лҵшәа бзиала аус ауразы иҟаҵатәу доусы рԥышәа еиҭарҳәеит.
Аԥснытәи адипломатцәа ҿарацәа Казань имҩаԥысуа афорум иалахәын
Уи адагьы, Аԥснытәи аделегациа урыстәылатәи рколлегацәа ирзеиҭарҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак иаԥнаҵаз Адипломатцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи рассоциациа иалаларц ргәы ишҭоу.
Маланиаԥҳа лажәақәа рыла, афорум аиҿкааҩцәа алахәылацәа рзы Казань аҭоурыхи акультуреи аҭҵааразы аекскурсиақәа рзымҩаԥыргеит.