Аԥсны

Аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа амаининг-аппаратқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит

Аԥсны аиҳабыра Аԥсны акриптовалиута арҳаразы атауарқәа ралагалара азин ааныркылеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29– Sputnik. Аԥсуа ҳазалхыҩцәа ахылаԥшра аҭыԥаҿы аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны Аԥсныҟа амаининг-аппаратқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
108 цыра амаининг-аппаратқәа ԥшаан Урыстәылантәи Аԥсныҟа аҳәаа иахыҵуаз атәылауаа Р.Ш. Ҭыжәбеи Е.Ч. Кәаӡбеи рмашьынақәа ргәаҭараан.
Аппаратқәа рымхын, административтә зинеилагараз аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.