Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

АЕЖәА ахаҭарнакцәа Запорожтәи Атомтә фымцастанциа ари амчыбжьазы иаҭаауеит

Запорожтәи атомтә фымцастанциа Днепр армарахьтәи аган аҿы игылоуп, Енергодар ааигәара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29– Sputnik. Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЕ-аред.) адиректор хада Рафаель Гросси ахеилак алахәылацәа Запорожтәи Атомтә фымцастанциа ари амчыбжьазы иаҭаауеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
"Иааит уи амш, АЕЖәА алахәылацәа Запорожтәи Атомтә фымцастанциа аҭааразы амҩа иқәуп. Украинеи Европеи зеиԥш ыҟам аиадертә хыбра еиқәырхатәуп. Хаҭала ари аус напхгара ахьасҭо сазгәдууп", - иҩуеит Гросси Twitter аҟны.
Запорожиетәи АЕС аангылара ЕЕ ахь афымцамчнеира анырра анаҭоит ҳәа рҳәоит амчрақәа
Уи аԥхьа РИА Новости аинтервиу азҭаз Запорожтәи аобласт ахадара ахантәаҩы Евгени Балицки иҳәеит, арегион анапхгара АЕЖәА ахаҭарнакцәа рыдкылара ишазыхиоу, аха Украина "аҭынчра режим" еиланамгар.
Хәажәкырамзаахыс урыстәылатәи аруаа ирыхьчоит АЕС аиадертәии арадиоактивтәии маҭәашьарқәа аҳауа ралалара аԥырҟәҟәааразы. Украинатәи аруаа Енергодари ааигәатәи ақыҭақәеи ишрылахысыц ирылахысуеит.