Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара: Запорожтәи АФС аҟны арадиациатә ҭагылазаашьа ишахәҭоу иҟоуп

Украинатәи аруаа Запорожтәи Атомтә фымцастанциеи, Енергодари ааигәатәи ақыҭақәеи ишрылахысыц ирылахысуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29– Sputnik. Запорожтәи Атомтә фымцастанциаҟны арадиациатә ҭагылазаашьа ишахәҭоу иҟоуп, аусзуҩцәа астанциа аусушьа иахылаԥшуеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Запорожтәи Атомтә фымцастанциа аусзуҩцәа астанциа атехникатә ҭагылазаашьеи еиԥҟьарада аусуреи ахылаԥшра арҭоит. Арадиациатә ҭагылазаашьа ишахәҭоу иҟоуп", - рҳәеит аусбарҭаҟны.
Украинатәи ар иҭдырҟьаз артиллериатә рҭҟәацгақәа атомтә станциа азааигәара иԥжәеит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ишазгәарҭаз ала, украинатәи ар Енергодари ааигәатәи ақыҭақәеи ишрылахысыц ирылахысуеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
АЕЖәА ахаҭарнакцәа Запорожтәи Атомтә фымцастанциа ари амчыбжьазы иаҭаауеит