АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адепартамент аҳәаанырцәтә биометриатә тәылауаҩшәҟәқәа раиуразы арзаҳалқәа рыдкылара аамҭала аанкылара атехникатә ҭагылазаашьа иахҟьеит, абри атәы лҳәеит Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Нанҳәа 26 инаркны Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адепартамент аелектронтә ныҟәгага аиҭаформатыркра ахьымҩаԥгатәу иахҟьаны аамҭала иааннакылеит 10 шықәса ҳәа ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа раиуразы арзаҳалқәа рыдкылара. Ишрырҭац ирырҭалоит хәышықәса ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟәқәа.
"Хәышықәса ҿҳәарас измоу иаабац атәылауаҩшәҟәқәа шрырҭарц ирыҭахоит, уи аус ҽнакгьы иаанымгалеит. Уажәы зыӡбахә ҳамоу 10 шықәса ҿҳәарас измоу аҳәаанырцәтә биометриатә тәылауаҩшәҟәқәа роуп, арзаҳалқәа аамҭала рыдкылара аанкылоуп атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны", - лҳәеит Захарова адырраҭара "Воскресный вечер с Владимиром Соловьевым" аҟны.
Захарова лажәақәа рыла, Урыстәыла аконсулрақәа ишрырҭац ирырҭалоит хәышықәса ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟәқәа, "урҭ рыҭареи ашәҟәқәа рыдкылареи ҽнакгьы еиԥымҟьацт".