Урыстәыла ААР абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аамҭала ианнакылеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковская типография Гознака
Московская типография Гознака - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәтә биометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рырҭон жәашықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны, урҭ иргәылан адокумент зтәу изку адыррақәа зну аелектронтә чип.
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адепартамент аамҭала иааннакылеит аҳәаанырцәтә биометриатә тәылауаҩшәҟәқәа раиуразы арзаҳалқәа рыдкылара. Абри азы адыррақәа кьыԥхьуп аконсултә информациатә портал аҿы.
"Нанҳәа 26 инаркны аамҭала иаанкылахоит 10 шықәса ҳәа ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа раиуразы арзаҳалқәа рыдкылара (аелектронтә ныҟәгага аиҭаформатыркра ахьымҩаԥгатәу иахҟьаны)", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Аҳәаанырцә иҟоу Урыстәыла аконсулрақәа ишрырҭац ирырҭалоит иаабац хәышықәса ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟәқәа. Урҭ рыҭара уаанӡеиԥш имҩаԥыслоит.
Уаанӡа Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟарҵахьан 2022 шықәса актәи азбжазы ишрырҭахьаз 2,5 миллион ҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәы, ҵыԥх аасҭа 45% рыла еиҳаны.
Абиометриатә тәылауаҩшәҟәы абжьааԥнытәи излеиԥшым уи ауп, уи зтәу изку иаабац адыррақәа рыда, уи иагәылоуп иҷыдоу амикросхема, уи иануп иаҭаху адыррақәа зегьы: ажәла, ахьӡ, абхьӡы, даниз арыцхә, атәылауаҩшәҟәы аномер, уи анрырҭаз арыцхә, аҿҳәара ахьынӡамоу, иара убас егьырҭ адыррақәагьы, анапышьҭақәа убрахь иналаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0