Аԥсны

Арӡынба еиҭеиҳәеит Аԥсны ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла алалара ишазыхиоу

Евразиатәи аекономикатә еидгыла аԥҟарақәа инарықәыршәаны, Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Арратә операциа ҷыда ифундаменталтәу алҵшәақәа иреиуоуп ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла аԥҵаразы алшара, уи аидгыла Аԥсны алалара иазыхиоуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адырраҭара "Вечер с Владимиром Соловьевым” аҟны данықәгылоз.
Иара иажәақәа рыла, уи Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәынҭқарратә Еидгыла аԥҵаразы аусурақәа цоит. Арӡынба иазгәеиҭеит аидҵара ахаҭабзиара шеизҳауа, изықәныҟәаша ашьаҿақәа шрыдыркыло, уи инамаданы аинтеграциатә хеилак аусура алахәхаразы Аԥсны алшара шамоу атәы.
"Уажәазы, Белоруссиа Аԥсны аганахь азҿлымҳара шаанарԥшуа азгәаҳҭоит, дара ирбоит Аԥсны ацәгьоурақәа рзы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу. Иара убас Евразиатәи аекономикатә еидгыла аԥҟарақәа инарықәыршәаны Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит, хықәкыла аҳазалхратә хырхарҭаҟны. Ҳара ҳаҿиаразы ари амҩа аҭакԥхықәра зцу мҩоуп, уи ҳадгылоит", - иҳәеит аминистр.
Уажәаԥхьа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов аинтервиу иҭо иҳәахьан Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәынҭқарратә Еидгыла Аԥсны алалара ишазыхиоу.
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны шазыхио Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара