Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: Украина Арбџьармчқәа атәыла аладатәи ахәҭаҿы ржәылара аанкылоуп

Аибашьраҿы иҭархоуп 26 украинатә танк, 23-ҩык аршьаҟауаа рмашьынақәа, акәылӡмашьынақәа 9, аҳаирпланқәа Су-25 - ҩба.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Урыстәыла арратә мчрақәа иааныркылеит Украина Николаевтәии Херсонтәии аобластқәа рҿы ажәыларақәа. Дара мҩаԥысуан хаҭала Владимир Зеленски идҵала ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

"Иахьа (нанҳәа 29 - азгә.) хаҭала Зеленски идҵала Украина Николаевтәиии Херсонтәии аобластқәа рҿы ажәыларақәа мҩаԥнагон х-хырхарҭакны. Урыстәылатәи ар ргәыԥ аҿагылараан аӷа ацәыӡ дуқәа иоуит", - ҳәа рҳәоит аминистрраҿы.

Аӷа иҿагылараан иҭархоуп 560-ҩык аруаа, 26 танк, 23 аршьаҟауаа рмашьынақәа, акәылӡмашьынақәа 9, аҳаирпланқәа Су-25 - ҩба.
Атәылахьчара аминистрраҿы иазгәарҭеит ажәылара шаанкылаз.