АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Москвеи Петербурги рҟынтәи Шәачаҟаи Ҭырқәтәылаҟаи аԥырра аамҭа сааҭыбжак аҟынӡа икьаҿхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, авиаеилахәырақәа рҟынтәи адыррақәа шьаҭас иганы.
"Аҳауатә мҩа ркьаҿхеит нанҳәа 30 асааҭ 00:00 инаркны. Москвеи Петербурги рҟынтәи Шәачаҟа, Анталиаҟа, Сҭампылҟа аԥырра аамҭа сааҭыбжак аҟынӡа икьаҿхеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҳауатә мҩа аушьҭратә лшара уахыки-ҽнаки рыла 30 ҳаирплан ыҟоуп. Ареисқәа шьақәнарӷәӷәоит аҳауатә ныҟәара аиҿкаараз Аҳәынҭкорпорациа.
Украина арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь Шәачаҟа аԥырраамҭа ҩынтә еиҳахеит. Москвантәи ҩ-сааҭк рцынхәрас ԥшь-сааҭк аҭаххеит, Санкт-Петербургнтә х-сааҭк рцынхәрас хә-сааҭк аҭаххеит. Ари мзызс иаиуит аоперациа ҷыда иахҟьаны иаркыз аҵакырақәа ирхыкәшаны Ҟазахсҭан ала аԥырра ахьрықәшәаз иахҟьаны.