Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Росавиациа ҳаирбаӷәазақәак русура аԥкрақәа рыҿҳәара иацнаҵеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпоттинг в аэропорту Внуково
Споттинг в аэропорту Внуково  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәи аладатәи ахәҭақәеи рҳаирбаӷәазақәа жәеиза русура аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп цәыббра 4 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа а-Телеграм-канал.
"Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Авиаеилахәырақәа ирабжьагоуп Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Ставрополь, Москва рҟны аҳаирбаӷәазақәа ахархәара рыҭалазарц, урҭи егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа реиԥш, аус шыруц ируеит.
Украина урыстәылатәи арратә операциа иалагеижьҭеи аҳаирбаӷәазақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны, Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалеит, уиижьҭеи есымчыбжьа аҿҳәара иацнаҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0