Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Украина артҟәацгақәа ахьыҭрыжьуаз азауад ԥыржәеит

Урыстәыла жәабран 24 рзы Украина арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иалагеит Украина абџьархыхрази Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчарази.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Урыстәыла АКМ икылкаан ихысуа абџьар ала Украина, Днепропетровсктәи аобласт, Кривои Рог ақалақь аҿы игылаз азауад "Интервзрывпром" ацехқәа ааха рырҭеит ҳәа аарыцҳауеит Атәылахьчара аминистрраҟынтә.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, ари азауад аҿы украинатәи ар рзы артҟәацгақәа ҭрыжьуан. Уи адагьы ааха рыҭан УАМ 1-тәи атанктә бригада агыларҭеи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭеи, иҭархан 200-ҩык аибашьцәа, 40-ҩык аҳәаанырцәеибашьцәа, 20 ак акәылӡтехника, хыԥхьаӡара рацәала артиллериатә хгәыцәқәа.
Иара убасгьы ааха рыҭан "Аҳәаанырцәтә легион" агыларҭеи амилаҭеилыхыҩцәа реиҿкаара "Кракен" акомандаҟаҵаратә гәыԥи. Иҭархан шәҩык инарзынаԥшуа аибашьцәа, арратә техника.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатәии, артиллериатәии ар уахыки-ҽнаки рыла 142 раион рҿы иҭадырхеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 5, 52 артиллериатә ҟәша, аибашьыгатә техника, иԥыржәеит аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи амчрақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба ԥыржәеит
ПВО ахархәагақәа аҳаирпланқәа Су-25 ҩбеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәбеи карыжьит, еиԥдырҟьеит абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" хԥеи ареактив-еицҭырҟьаратә системақәа 44 – "HIMARS" ахгәыцәқәа 53, РСЗО "Ольха" ахгәыцәқәа хәбеи, РСЗО "Ураган" ахгәыцәқәа ԥшьбеи рыԥырра.
Николаево-Криворожскии егьырҭ ахырхарҭақәеи рҿы украинатәи ар ацәыӡ дуқәа рымоуп. Уахык ала иҭархоуп: 48 танк, 46 ршьаҟауаамашьына, 37 кәылӡмашьына, 8 пикапк апулемиотқәа шрықәгылаз. Иҭархоуп 1200-ҩык аруаа. УАМ 128-тәи ашьха-жәыларатә бригада аруаа хәҩык рабџьар шьҭарҵеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Соледар УАМ ацәыӡ дуқәа шамоу