Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Курсктәи аобласт ақыҭақәа ҩба Украина аганахьынтә ирылахысит

Аҭынч уааԥсыра ԥырхага рмоуит аха арахәааӡарҭатә ферма ааха иаиуз иахҟьаны 20 рҟынӡа ԥстәы шьуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Ақыҭақәа Алексеевкеи Елизаветовкеи аминаршәгақәа рыла УАМ рылахысит ҳәа Telegram-канал аҿы иҩит аобласт агубернатор Роман Старовоит.
Старовоит иажәақәа рыла, Елизаветовка ф-ҩнык ааха рыҭан. Ааха аҭан голландиатәи ажәхкы ахьҭакыз арахәааӡарҭатә ферма.
Алексеевка иахьаҵанакуаз украинатәи аруаа рҽазыршәеит аимадаратә ҳа антенна ааха аҭара.
Украинеи аибашьрақәа ахьцо аҭыԥқәеи иахьырзааигәоу азы Курсктәи аобластгьы Белгородстәи аобластгьы изныкымкәа УАМ аруаа алахысхьан.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Украина ракетала Белгороди Курски ирылахысит
Иара аҵакыраҿы атеррористтә шәарҭара аҭагылазаашьа азгәаҭоуп (аҩеижьԥшшәы). Иара изныкымкәа аҿҳәара иацырҵахьеит.