Зыжәлар ргәаҵа иҭоу ашәҟәыҩҩы: Шьалодиа Аџьынџьал 90 шықәса ихыҵразы

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи Маиаковски ипремиеи занашьоу, Жәларбжьаратәи Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла Шьалодиа Аџьынџьал диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Уи изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Sputnik
"Шьалодиа Аџьынџьал ироман "Аҳәа зыҟәну аџьныш" аԥсуа сахьаркыратә дунеи аҿы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит. Уи аҩымҭа хьтәы мҩадуны аԥсуа рҿиаратә фонд иаланагалеит".
Мушьни Миқаиа
Дарбан шәҟәыҩҩзаалакгьы иаамҭа аҿахәы иҳәозароуп, уи аибахеибафарақәа зегьы дрылагылазароуп, иԥшаалароуп ижәлар ирзааигәоу, ижәлар ргәы икылхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵашьа, асахьаркыратә ажәа аҳаракыраҟынӡа ихагалан. Убас иҟаз шәҟәыҩҩын Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, адрамартург, асатирик Шьалодиа Аџьынџьал. Зегь раԥхьа иргылан иазгәаҭатәу, Шьалодиа Аџьынџьал ижәлар даара ибзиан идыруан, уи дыргәылсны дааит дара згәылсыз зегьы, ихигеит дара ирхыргаз зегьы. Ибаҩхатәра убарҭ зегьы "ирылаԥшит", ишьҭнакааит, иаԥшааит агәаӷь, аҩымҭа бзиақәа зхылҵшаз…
Дыҟаӡам аԥсыуа шәҟәыҩҩык апоезиа ала иаламгаз, уи ԥыҭк "знапы ианкны инаскьанамгаз", ма кыраамҭа изыцрымҵыз, мамзаргьы зыпроза зегьы апоезиа "алыԥшуа", рырҿиара аӷьырак анамҽханамкуа. Шьалодиа Аџьынџьал ирҿиараҿы уи аҩыза "алахьынҵа" дацәцеит, дшынеизакыз апроза "дахәланагалеит".
Шьалодиа Аџьынџьал: ашәҟәыҩҩцәеи иҭаацәеи рыгәҭа
Иаҳгәалаҳаршәап еицырдыруа аҵарауаҩ, академик, акритик Хәыхәыт Бӷажәба Шьалодиа Аџьынџьал изы ииҩуа: "Ашәахсҭа" зсахьаркыратә напҟазара акыр иҩеидасхьаз, апрозаик ишҩымҭоу ҩашьом. Ари, излагәарҭахьоу ала, иагқәоу шыҟоугьы, адетектив ҟазшьа змоу реалисттә рҿиамҭоуп. Ароман акыр иӡырнагеит автор ихьӡ, изгәаԥхаз, ибзианы издызкылаз, иахцәажәаз рацәаҩхеит, избанзар уи иқәнаргылеит аԥхьаҩ игәы зырхыҭхыҭуа, хьаас имоу, аԥсҭазаара иадҳәалоу азҵаарақәа…"
"Ашәахсҭеи", "Амзаҿа ангылоуи" ҳара ҳхәыҷра иацыз, даара бзиа ибаны ҳзыԥхьоз, ҳахчқәа ирыҵаҵан ҳацәоз шәыҟәқәан. Урҭ анҭыҵ инаркны иаразнак аԥхьаҩ игәы иалаҵәеит, изныз ажурнал "Алашареи", ашьҭахь хаз шәыҟәқәангьы иҭыҵыз ирҿиамҭақәеи, иаразнак ирыԥшааит, рыԥхьараз агәаран иқәгылеит, астудентцәа азеиԥш нхарҭақәа рҿы дара рыда ҳәатәы рымаӡамызт, еилдыргон, еимаркуан, еиҿаркуан… Автор иҩызцәа ашәҟәыҩҩцәеи иареи злахәыз аиԥыларақәа рацәаӡаны имҩаԥыргеит, ажәакала, арҭ ашәҟәқәа ажәлар рхьаа иахьысит, ргәы иҭаз рҿахәы рҳәеит, иззымхәыцыцыз ирызнархәыцит, иаргәырҩеит, иаргәырӷьеит, амҵәыжәҩақәагьы рнаҭеит…
Зсатира цҳафыр ахҿа иаҩызаз ашәҟәыҩҩы: Шьалодиа Аџьынџьал игәалашәара иазкны
Абра иаазгоит Шьалодиа Аџьынџьал ирҿиара инарҵаулан иҭызҵаахьоу, уи иазкны ишаанагара иҟоу шәҟәыкгьы ҭзыжьхьоу акритик Руслан Қапба ирҿиара дшахцәажәо:
"Шьалодиа Аџьынџьал шәҟәыҩҩык иаҳасабала, ижәлар гәакьа рыԥсҭазаара, рыпсихологиа, ирыгу-ирыбзоу, рыԥсыҽрақәа уҳәа ибзианы идыруеит, иҩымҭақәа рҿы ҟазарыла ихы иаирхәартә, иааирыԥшыртә еиԥш. Уи ибаҩхатәра иалшеит аибашьра ашьҭахьтәи ижәлар рыԥсҭазаара уадаҩ ицәырнагаз, уаанӡа иаҳзымдырӡоз, џьаргьы иаҳԥымлацыз, илашьцаку, иҵоурам ахаҿсахьақәа рдунеи ҳагәыларԥшра. Урҭ аԥхьаҩ ибоит ишәҟәқәа "Мышкы аҳра зауз", "Иҟалаз шәаҳама?" рҿы.
1992-1993 шықәсқәа раан, ақырҭуа нацистцәа иаҳзааргаз аибашьра хлымӡаах иазкуп Шьалодиа Аџьынџьал акыраамҭа заԥҵара даҿыз ироман ҿыц "Ақәыџьмакәашара." Араҟа ашәҟәыҩҩы иааирыԥшуеит ҳажәлар рҵеицәа хазынақәа рыԥсадгьыл гәакьа Аԥсны аиқәырхаразы еибашьуаз рхаҿсахьа лашақәеи аӷа хәымга игыгшәыгратә хаҿреи.
Ароман "Аҳәа зыҟәну аџьныш" иагәылыҩуеит автор имилаҭ руазырбжьы. Ашәӡанӡ зшәу аԥсуа милаҭ руоу, рмыткәма. Иааҩуеит амшын иӡхылаз аԥсуа жәлар рышәиԥхьыӡ. Аҩымҭа иханҽаны, маха-маха еиҿыханы иалаԥсоуп 37-тәи аԥсуа жәлар рсаашьа. Аԥсуа жәлар дара-дара реизыҟазаашьа. Ажәакала, шықәсы рацәа аихатәы кәалаԥ иҭацалахаз, жәлар ртрагедиа амаӡа аахтны ицәыригеит".
Абраҟа иазгәаҭатәуп, ҳаԥсуа прозаҿы Шьалодиа Аџьынџьал ашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи, Џьума Аҳәбеи, Алықьса Џьениеи реиԥш ҳаԥхьаҩцәа даара игәцаракны изыԥхьоз, зышҟәқәа зегьы анапы "иадыргахьаз" ашәҟәыҩҩы шиакәыз. Усҟан, ҳара ҳанқәыԥшқәаз, уи аԥхьагьы, ииашаҵәҟьан ашәҟәыԥхьара атрадициа бзиа ыҟан уажәы аҵкысгьы… Иахьа иҭыҵуаз шәҟәык, журналк, изыԥхьаша акрызҵазкуа анны иҟазар, хымԥада ирыԥшаауан, иаԥхьон, рҩызцәагьы ирарҳәон абри ашәҟәы уеизгьы-уеизгьы ишәыԥшаа ҳәа. Уи акраанагон аинтеллигенциа рыбжьара еиԥш, ажәлар зегьы доуҳала рышьҭыҵра азы.
Иахьа уи аҩыза ыҟам, насгьы, шамахак аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз ашәҟәқәеи, агазеҭқәеи, ажурналқәеи аинтернеттә даҟьақәа ирнуп, уаҟа ирыԥхьоит, ашәҟәыԥхьара иамаз аџьабаа дырласит, аха зегьы акоуп, иара ашәҟәы афҩы хааӡа иумҵаҵан уанаԥхьо, уи иацназго акгьы ыҟамзар ҟалап!..
Шьалодиа Аџьынџьал ипрозеи, идраматургиеи, исатиреи еиҳараӡак зегьы хәыцӡам, ажәлар рҟынтәи иаауеит рсиужет хадақәа, амала нас асахьаркыра аганахьала, автор иахәҭоу ацәеижь ақәиҵоит, иаҵеиҵоит апсихологизм, аԥхьаҩ ирласны "ихымҟьо", акыраамҭа дархәыцуа, даргәырҩо, даргәырӷьо…
Ҟабарда-Балкариа. Армарахьтә арӷьарахь: ашәҟәыҩҩы Шоҭа Ҷкадуа, Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, ашәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал.
Уажәы ҳазыхынҳәып ашәҟәыҩҩы инысымҩа, иарбан ҭыԥқәоу рҿы аԥхӡаша нкаҟьо аус ахьиуаз, иарбан шықәсқәоу ирҿиара еиҳа ианасакьаҳәымҭаз, ишәҟәқәа анҭыҵуаз, иҩымҭақәа ирылхыз аспектакльқәа еиуеиԥшым атеатрқәа ҩнырҭәааны ианықәдыргылоз.
Аџьынџьал Шьалодиа Михаил-иԥа (01.08.1932, Аԥсны, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа – 31.08.2015, Аҟәа) – ашәҟәыҩҩы, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы.
СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи (1959), СССР-и Аԥсни Ржурналистцәа реидгылақәеи (1974), Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи (1999) Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа Жәларбжьаратәи реилазаареи дрылан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиеи (1984) В. Маиаковски ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиеи (2010), "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи ианашьан. Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы (2012) ҳәа ахьӡ ихҵан. Дыҩуан аԥсышәала.
Заа иаб диԥхеит (1939). Ихәыҷра ашықәсқәа мариамызт. Егьа ус акәзаргьы, иан Татеи Аргәын иаалылшоз зегьы ҟалҵон ԥшьҩык лыхшара ршьапы рықәыргыларазы. Лҭынхацәеи ақыҭауааи лыцхраауан. Шьалодиа Аџьынџьал аԥхьа аҵара иҵон дахьиз Урҭа аҳаблан алагарҭатә школ аҟны. Ашьҭахь Рекатәи ихарҭәаамыз абжьаратәи ашкол аҿы. 1951 шықәсазы Ԥақәашьтәи абжьаратә школ далгеит. Уи нахыс аџьа агьама икит Тҟәарчалтәи ашахтаҿы. Аха аҵаралашарахь зхы кыдыз арԥыс игәҭакы анагӡара дацәхьамҵит, хара имгакәа аҵара иҽазикит.
Шалодиа Аджинджал
1959 шықәсазы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит. Иҵара ашықәсқәа раан далахәын уаҟа еиҿкааз алитературатә кружок. Убасҟан ауп илаз абаҩхатәра аҽанцәырнагазгьы. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь мызқәак аус иуан Очамчыратәи араионтә газеҭ "Акоммунизм ахь" (иахьа - "Ерцахә") аредакциаҿы.
1961 шықәса инаркны еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус иуан агазеҭ "Аԥсны" ("Аԥсны ҟаԥшь") аредакциа аҟәша аиҳабыс, Аԥсны Асахьаҭыхҩцәа реидгыла Афонд аиҳабыс, апартиа Аԥснытәи аобком аҟәша аиҳабыс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа "Алашара" анапхгаҩыс, акьыԥхь азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак 11-тәи ааԥхьара (1985-1990) адепутатс дыҟан. 2005-2013 шықәсқәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәлаарратә палата далан. Аԥсуа бызшәа арҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа далахәын.
Аус ахьиуазаалакгьы, инапы злакызаалакгьы Шь. Аџьынџьал арҿиара аус аганахь иаанижьуамызт. Рҿиаҩык иаҳасабала ишьақәгылараҿы анырра бзиа ирҭеит ихәыҷра ашықәсқәа инадыркны дзызҿлымҳаз жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа, иара убас аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Д. Гәлиа, С. Ҷанба, И. Коӷониа, Л. Лабахәуа, М. Аҳашба, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, насгьы аурыс литература аклассикцәа Н. Гоголь, М. Салтыков-Шьедрин, А. Чехов уҳәа егьырҭгьы.
Асахьаркыратә литература агәыбылра аник, алитератураҿы раԥхьатәи ишьаҿақәагьы аныҟаиҵа нахыс аԥхьаҩцәа дырдырит. Раԥхьаӡа акьыԥхь збаз иажәабжь "Амаҳә" ала мышьҭабзиала алитературахь дымҩахыҵит. Уи инашьҭарххны акьыԥхь рбо иалагеит егьырҭ иҩымҭақәагьы. Иажәабжьқәа раԥхьатәи реизга "Агәахәтәы" (1960) анҭыҵ еиҳагьы аԥхьаҩцәа деицгәарҭеит. Асатиратә ҩымҭақәа даараӡа ишиқәҿиоз шьақәнарӷәӷәеит аизга "Хырбза-кәырбза" (1963). Ароман "Ашәахсҭа" (1966) акәзар, аԥхьаҩцәа ирылаҵәеит, избанзар ихаҭа дызхааныз, дызлагылаз аԥсҭазаара аанарԥшуеит. Аԥсуа ҿар усҟантәи аамҭа изҭанаргылаз ауадаҩрақәа, ахьанҭарақәа қәҿиарала рцәыргара илиршеит.
Аԥсны
Аҟәа ԥшьҩык иналукааша ауаа ргәалашәара наӡаӡартәуеит
Ижәлар рҟазшьа аҷыдарақәа изхысыз-изҵысыз еиламырсӡакәа иахьидыруаз иабзоуроу рацәоуп ирҿиаратә мҩаҿы. Ажәабжьоу "Амзаҿа ангыло" (1974) ари зегьы арҵабыргуеит.
1930-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ҳажәлар зҭадыргылаз, иреиӷьыз рҵеицәа рҭархарала арыцҳарақәа зхызгаз, ӷәӷәала изхьысыз, насгьы урҭ ирыцыз ахьааи агәырҩеи хҭысла ишьақәырӷәӷәаны асахьаркыратә ҩымҭа шьахә аԥиҵеит, ароман хьӡысгьы иаиуит "Аҳәа зыҟәну аџьныш" ҩ-хәҭакны (актәи ҭыжьын 1989 ш., ахәҭақәа аҩбагьы еидкыланы иҭыҵит (2004 ш.). Урысшәала еиҭаганы ианҭыҵ ахԥша акырӡа еиҳахеит, аҭҵааҩцәеи аԥхьаҩцәеи рҟнытә ахәшьара бзиагьы аиуит.
Егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭагоу иҩымҭақәа аԥсуа сахьаркыратә литература аихьӡарақәа аадырԥшуан.
Шь. Аџьынџьал қәҿиарала еилоигӡон ауаажәларратәи арҿиаратәи усура. Иажәабжьқәеи, иажәабжьоуқәеи, ироманқәеи, Аԥснеиԥш, Москва, егьырҭ атәылақәа рҟны урысшәала, латыш бызшәала уҳәа иҭыҵит. Иалкаау иҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа налаҵаны 25 инареиҳаны адунеи рбахьеит. Урысшәала Аҟәа иҭыжьын ироман "Корни" (1978), Москва иҭрыжьхьеит ишәҟәқәа "На обрыве" (1984), "Зуб мудрости", "Дьявол с мечом" (1991), Санкт-Петербург (2011), "Амзаҿа ангыло" Рига, "Мисема" (1986). Иажәабжьқәа еиҭаганы ирнылеит ажурналқәа "Крокодил", "Дружба народов", агазеҭқәа: "Правда", "Литератураная газета", "Советская культура" уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсуа драматургиаҿы акәзаргьы, ашәҟәыҩҩы илшарақәа маҷӡам. С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит ипиесақәа рыла аспектакльқәа: "Аӡыхь абжьы" (1982), "Март 4" (1984), "Апартфел шкәакәа" (1987). Акомедиа "Сара сроль" еиҭаганы иқәдыргылеит Гроднотәи аобласттә драматә театр аҟны (1989), "Аҵарҭыша" акәзар, Даӷьсҭан, Махачкалатәи адраматә театр аҟны (1988).
Аԥсуа кинематографиа арҿиараҿгьы илагала маҷым. Акиностудиа "Мосфильм" аҿы иҭыхын Шь. Аџьынџьал икиносценариқәа ирылху афильмқәа: "Амзаҿа ангыло ауха" (1978), "Иԥшьоу ажьира асаркьал" (1984), "Перекресток" (Зегьеидгылоутәи асатиратә киножурнал "Фитиль" (1984).
"Амзаҿа ангыло" иалхны акиностудиа "Мосфильм" аҭыхрақәа аҵыхәтәантәи амш. 1977 шықәса. Арыӷьарантәи армарахь: Иван Ченгьелиа, актиор Амиран Ҭаниа, актриса Медеиа Ченгелиа, асценарист Шьалодиа Аџьынџьал, актиор Азиз Агрба, арежиссиорцәа Дмитри Коржихин, Иусуп Даниалов, оператор Роман Веселер. Ҵаҟа итәоуп: актиорцәа Алексеи Ермолови Ислам Казиеви.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) ҳажәлар иргаз Аиааира агәацԥыҳәара инаҭеит. Ҳажәлар зҭагылаз, ирхыргаз, аибашьреи уи ашьаҭахьтәи аамҭа уадаҩи ирыцыз ахынҭаҩынҭарақәа аанарԥшуеит ироман "Ақәыџьмакәашара" (2004). Ааԥхьаҩцәа рнапаҿы ироуит иара убас ирҿиамҭақәа еидызкыло х-томк, насгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ироман ҿыц "Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон" (2015).
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Агәахәтәы. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1960; Хырбза-кәырбза. Асатиратә жәабжьқәа. Аҟәа, 1963; Ашәахсҭа. Ароман. Актәи аҩбатәи ашәҟәқәа. Аҟәа, 1964, 1973; Амзаҿа ангыло ауха. Аповести асатиратә жәабжьқәеи. Аҟәа, 1977; Алахьынҵа. Аповести апиесақәеи. Аҟәа, 1980; Иалкаау. Ароман, аповестқәа. Аҟәа, 1982; Ахьтәы хаԥыц. Аповестқәа, асатиратә жәабжьқәа, апиесақәа. Аҟәа, 1986; Ахьтәы хаԥыц. Асатиратә жәабжьқәа. Аҟәа, 1988; Аҳәа зыҟәну аџьныш. 1-тәи ашәҟәы. Аҟәа, 1989; Аҳәа зыҟәну аџьныш. Ароман: 2-хәҭак аманы. Аҟәа, 2004; Ақәыџьмакәашара. Ароман. Аҟәа, 2004; Иҩымҭақәа. Х-томкны. Аҟәа, 2007-2008; Апиесақәа. Аҟәа, 2011; Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон. Ароман. Аҟәа, 2015; аурысшәахь аиҭагақәа: Корни. [Роман, повести, рассказы]. Сухуми, 1978; На обрыве. Роман, повести, юмористические произведения. М., 1984; Белый портфель. Сатирические произведения. Сухуми, 1985; Дьявол с мечом. Роман. М., 1991; Зуб мудрости. СПб., 2011; ақырҭшәахь аиҭагақәа: Ишәҳәа, иԥсы еиқәхома? Қарҭ, 1968; Ашәахсҭа. Аромани ажәабжьқәеи. Қарҭ, 1984.
Ҳаԥсуа литератураҿы иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, дара зҵазкуа абиԥара мацара аҿахәы зҳәаз, убри аамҭа иҭанагӡоз ахҭысқәа рымацара ирыхцәажәаз, убри аҳәаа иҭымҵыз. Шьалодиа Аџьынџьал Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа инаркны, харада ахара рыдҵаны 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан, Нестор Лакобеи уи икәша-мыкәшеи ҳажәлар зҭагылаз, ирхыргаз, уи ашьҭахьгьы, ҳажәлар фырхаҵарыла излыҵыз аԥсуа-ақырҭуа еибашьра, абарҭ ҳаԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа ахҭысқәа зегьы иҩымҭақәа асаркьеиԥш икаххаа ирныԥшит. Урҭ убас сахьаркырала иаԥҵоуп, ҳара иахьа иаԥхьогьы агәра аагартә, иахьа ҳрылагылоушәа урҭ ахҭысқәа. Уи иаанаго, иаҳәо убри ауп - ҳажәлар рҿахәы зҳәаз, ҳажәлар рхьаа гәазҭаз, ҳажәлар рыхәра ахәырбӷьыц ақәызҵаз ашәҟәыҩҩы ҳажәлар ргәаҵаҿы даанхоит!..
Шьалодиа Аџьынџьал Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рыгәҭа-Баграт Шьынқәба, Гьаргь Гәыблиа, Иван Ҭарба, Нели Ҭарԥҳа, Кәымф Ломиа, Шьалуа Ҵәыџьба.