Зсатира цҳафыр ахҿа иаҩызаз ашәҟәыҩҩы: Шьалодиа Аџьынџьал игәалашәара иазкны

© Foto / из архива семьи АджинджалВ 2012 году Шалодиа Аджинджал был удостоен звания Народный писатель Абхазии
В 2012 году Шалодиа Аджинджал был удостоен звания Народный писатель Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2022
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 1 азы иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 90 шықәса ихыҵуазаарын Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, адраматург, асатирик Шьалодиа Михаил-иԥа Аџьынџьал. Уи инысымҩеи ирҿиареи ирызкуп апоет Анатоли Лагәлаа анаҩстәи ианҵамҭа.
"Сара бзиа избоит, ауардын аидара ақәны, иҿыжуа амҩаду ианыланы ианцо, адгьыл аҿы ашьҭақәа аннажьуа."
Шьалодиа Аџьынџьал,                                                                                                                        Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы
Абаҩхатәра бзиаӡа змаз Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, адраматург, асатирик Шьалодиа Михаил-иԥа Аџьынџьал иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 89 шықәса ихыҵуан.
© Foto / из личного архива семьи Шалоди АџьынџьалШьалодиа Аџьынџьал
Шьалодиа Аџьынџьал - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шьалодиа Аџьынџьал
Сара зегь раԥхьа Аҟәа ашәҟәыҩҩцәа рҭаацәараҿы аусура ҳәа сыздызкылаз ашәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иоуп. Уи шыҟалазгьы абас ауп. Ашәҟәыҩҩы Сергеи Кәыҵниа сыӡбахә иаҳаит усурҭада сшыҟаз, ажәеинраалақәа шысыҩуаз, рҿиаратә еиҿкаарак аҿы аусура шсылшоз. Усҟан ақыҭаҿ сыҟан, уа Ҷлоу ауаҩы дсышьҭаҵан днаишьҭит. Саргьы исҭахыз уи акәын, адырҩаҽны ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿы" снеит сыԥхашьаԥхаҵо. Сергеи саниба, адунеи азна дгәырӷьеит, сгәыдикылеит, сыртәаны икабинет аҿы кыраамҭа дсацәажәеит. Нас, асааҭ еиԥш "санирхиа" ашьҭахь, усҟантәи ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Шьалодиа Михаил-иԥа Аџьынџьал иҿы снеигеит, уи иагьиеиҳәеит ашьха ашьапаҟынтәи, Аимарантәи сшааигаз, аусурагьы сшазыхиоу.
Сергеи Квициниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2020
Алахьынҵа бзиа змоу ашәҟәыҩҩы: Сергеи Кәыҵниа диижьҭеи 85 шықәса ҵит
"Даара аус бзиа ҟауҵеит, Сергеи, ари аҷкәын иажәеинраалақәеи иажәабжьқәеи акьыԥхь аҿы избахьеит, наҟ-наҟ акрызлыҵуа иоуп!" - иҳәеит.
"Сара исыԥшаауа зегьы лыԥшаахқәоуп!" - иҳәеит Сергеи Андреи-иԥагьы, иара ишиҟазшьаз еиԥш, ихааӡа дааччан.
"Уԥысшәахьан азы ауп унапы изанысҵаз!" - иҳәеит Шьалодиагьы, игәы даара иалаҟаны.
Сара сахьгылаз сыԥхашьаны аӡыҭра саҿын, асеиԥш иҟаз ашәҟәыҩҩцәа дуқәа сыӡбахә иахьалацәажәоз. Насгьы, усҟан аусура алагаразы ауаа шықәсыла иԥшын, сара абас иаалырҟьан сманшәалахеит.
Изхысҳәаауа, абас иалагеит уаанӡа зҩымҭақәа бзианы издыруаз, акырынтә срыԥхьахьаз Шьалодиа Аџьынџьали сареи ҳаибадырра, ус уҳәар ауазар, ҳусеицура.
Уи нахыс, уа ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿ" аус анызуаз аума, ашьҭахь ажурнал ахь саниас аума, сырҿиара даара иацклаԥшуаз, ҳаҭыр дуӡӡа сзыԥсам ала исықәызҵоз, зехьынџьара сыбзарӡы зҳәоз ашәҟәыҩҩцәа дреиуан иара, саргьы иахьынӡасылшоз гәыкала сизыҟан.
Анатоли Аджинджал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Здацқәа ӷәӷәаз апоет: Анатоли Аџьынџьал игәалашәараз
Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, Шьалодиа Аџьынџьал иԥсы ҭазҭгьы сынтәа 89 шықәса ихыҵуан. Уи апрозаҿи, адраматургиаҿи, апублицистикаҿи илшаз даара акрыҟоуп, ҳлитературатә критикаҿгьы ихә бзианы ишьоуп.
Ҳаԥхьап еицырдыруа аҵарауаҩ, академик, акритик Хәыхәыт Бӷажәба Шьалодиа Аџьынџьал изы ииҩуа: "Ашәахсҭа" зсахьаркыратә напҟазара акыр иҩеидасхьаз, апрозаик ишиҩымҭоу ҩашьом. Ари, излагәарҭахьоу ала, иагқәоу шыҟоугьы, адетектив ҟазшьа змоу реалисттә рҿиамҭоуп. Ароман акыр иӡырнагеит автор ихьӡ, изгәаԥхаз, ибзианы издызкылаз, иахцәажәаз рацәаҩхеит, избанзар уи иқәнаргылеит аԥхьаҩ игәы зырхыҭхыҭуа, хьаас имоу, аԥсҭазаара иадҳәалоу азҵаарақәа…"
Ашәҟәыҩҩы апрозаҿ ицәырҵра даара ибзиан еицгәарҭеит, еигәырӷьеит, акритикагьы лаԥш хаала ихәаԥшит. Уи зыбла ҵарыз, знаршә хиаз шәҟәыҩҩы сатирикын, ус шакәу зырҵабыргыз иҩымҭақәа рылоуп аԥсуа литература ишьапы шалаиргылаз, уи аханатә дышқәыԥшызгьы, ирҿиаратә баҩхатәра иаҟазшьаҷыдан, ауаажәларраҿы ашьцылара бааԥсқәа ирҿагылан ақәԥара.
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы
Ашәҟәыҩҩы ауаа ԥаршеиқәа роуп исатиратә ҟамчы аԥҵаҵа рцәа-ржьы ӷәӷәала ирцартә еиԥш изхиҟьоз. Аха ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа ртекстқәа иргәылаҵәахуп, арахь зынӡа иаартны, усҟан ҳәашьа змамыз, амала инарҵаулан уазхәыцыр, имҩашьо иубо, насгьы хра зуа даҽа хшыҩҵакыкгьы. Автор иҿаԥиҽуа ажәлар рзеиԥш мал еимызҵәо, қьаф рылызуаауа ауаа ԥаршеиқәа роуп…
Абар акритик Руслан Қапба уи ирҿиара дшахцәажәо: "Шьалодиа Аџьынџьал шәҟәыҩҩык иаҳасабала ижәлар гәакьа рыԥсҭазаара, рыпсихологиа, ирыгу-ирыбзоу, рыԥсыҽрақәа уҳәа ибзианы идыруеит, иҩымҭақәа рҿы ҟазарыла ихы иаирхәартә, иааирԥшыртә еиԥш. Уи ибаҩхатәра иалшеит аибашьра ашьҭахьтәи ижәлар рыԥсҭазаара уадаҩ ицәырнагаз, уаанӡа иаҳзымдырӡоз, џьаргьы иаҳԥымлацыз, илашьцаку, иҵоурам ахаҿсахьақәа рдунеи ҳагәыларԥшра. Урҭ аԥхьаҩ ибоит ишәҟәқәа "Мышкы аҳра зауз", "Иҟалаз шәаҳама?" рҿы.
1992-1993 шықәсқәа раан, ақырҭуа нацистцәа иаҳзааргаз аибашьра хлымӡаах иазкуп Шь. Аџьынџьал акыраамҭа заԥҵара даҿыз ироман ҿыц "Ақәыџьмакәашара". Араҟа ашәҟәыҩҩы иааирԥшуеит ҳажәлар рҵеицәа хазынақәа рыԥсадгьыл гәакьа Аԥсны аиқәырхаразы еибашьуаз рхаҿсахьа лашақәеи аӷа хәымга игыгшәыгратә хаҿреи.
Ароман "Аҳәа зыҟәну аџьныш" иагәылҩуеит автор имилаҭ руазырбжьы, ашәӡанӡ зшәу аԥсуа милаҭ руоу, рмыткәма. Иааҩуеит амшын иӡхылаз аԥсуа жәлар рышәиԥхьыӡ. Аҩымҭа иханҽаны, маха-маха еиҿыханы иалаԥсоуп 37-тәи аԥсуа жәлар рсаашьа, аԥсуа жәлар дара-дара реизыҟазаашьа. Ажәакала, шықәсы рацәа аихатәы кәалаԥ иҭацалахаз, жәлар ртрагедиа амаӡа аахтны ицәыригеит.
"Ароман "Аҳәа зыҟәну аџьныш" аԥсуа сахьаркыратә дунеи аҿы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит. Уи аҩымҭа хьтәы мҩадуны аԥсуа рҿиаратә фонд иаланагалеит", - иҩуан абаҩхатәра змаз апоет, апрозаик Мушьни Миқаиа.
Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2020
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара
Абраҟа иазгәаҭатәуп ашәҟәыҩҩы даара дышрызҟазаз имарианы аҳәоуқәа, афразақәа реиҿкаара, ажәеицааирақәеи ажәаԥҟақәеи рхархәара, наҟ-ааҟ еиҿагылоу афырхацәа рдиалогқәа рыҟаҵара. Уи ибзианы ихы иаирхәон ахаҿсахьақәеи аҟазшьақәеи игәылҭәааны раарыԥшраҿы аиҿырԥшрақәа, аметафорақәа уҳәа иреиԥшқәоу асахьаркыратә цхыраагӡақәа рацәаны…
Абраҟа иаазгар сҭахуп ашәҟәыҩҩы инысымҩа, уи ихатә ԥсҭазаара еиԥш, ирҿиаратә ԥсҭазаараҿгьы дзыхьӡаз, ижәлар ирзынижьыз ишәҟәқәеи, урҭ ирылхны иқәыргылоу идраматә ҩымҭақәеи, икиносахьақәеи анықәыргылаз, ианҭыҵыз, избанзар уи ҳара иаҳҭоурыхуп, уаҵәы игыло ҳҿар ирдыруазароуп…
Ашәҟәыҩҩы, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Аџьынџьал Шьалодиа Михаил-иԥа диит нанҳәа 1 1932 шықәса рзы Аԥсны, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 31 2015 шықәса рзы Аҟәа.
СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи (1959), СССР-и Аԥсни Ржурналистцәа реидгылақәеи (1974), Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи (1999) Ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа Жәларбжьаратәи реилазаареи дрылан. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиеи (1984) В. Маиаковски ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиеи (2010), "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи ианашьан. Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы (2012) ҳәа ахьӡ ихҵан. Дыҩуан аԥсышәала.
Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны
Заа иаб диԥхеит (1939). Ихәыҷра ашықәсқәа мариамызт. Иагьа ус акәзаргьы, иан Татеи Аргәын иаалылшоз зегьы ҟалҵон ԥшьҩык лыхшара ршьапы рықәыргыларазы. Лҭынхацәеи ақыҭауааи лыцхраауан. Шь. Аџьынџьал аԥхьа аҵара иҵон дахьиз Урҭа аҳаблан алагарҭатә школ аҟны. Ашьҭахь Рекатәи ихарҭәаамыз абжьаратә школ аҿы. 1951 ш. Ԥақәашьтәи абжьаратәи ашкол далгеит. Уинахыс аџьа агьама икит Тҟәарчалтәи ашахтаҿы. Аха аҵаралашарахь зхы кыдыз арԥыс игәҭакы анагӡара дацәхьамҵит, хара имгакәа аҵара иҽазикит.
1959 ш. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит. Иҵара ашықәсқәа раан далахәын уаҟа еиҿкааз алитературатә кружок. Убасҟан ауп илаз абаҩхатәра аҽанцәырнагазгьы. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь мызқәак аус иуан Очамчыратәи араионтә газеҭ "Акоммунизм ахь" (иахьа - "Ерцахә") аредакциаҿы. 1961 ш. инаркны еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус иуан агазеҭ "Аԥсны" ("Аԥсны ҟаԥшь") аредакциа аҟәша аиҳабыс, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Афонд аиҳабыс, апартиа Аԥснытәи аобком аҟәша аиҳабыс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа "Алашара" анапхгаҩыс, акьыԥхь азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет 11-тәи ааԥхьара (1985-1990) адепутатс дыҟан. 2005-2013 шықәсқәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәлаарратә палата далан. Аԥсуа бызшәа арҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа далахәын.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааШьалодиа Аџьынџьали Аԥснытәи АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеибеи
Шалодиа Аджинджал - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шьалодиа Аџьынџьали Аԥснытәи АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеибеи
Аус ахьиуазаалакгьы, инапы злакызаалакгьы, Шь. Аџьынџьал арҿиара аус аганахь иаанижьуамызт. Рҿиаҩык иаҳасабала ишьақәгылараҿы анырра бзиа ирҭеит ихәыҷра ашықәсқәа инадыркны дзызҿлымҳаз жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа, иара убас аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Д. Гәлиа, С. Ҷанба, И. Коӷониа, Л. Лабахәуа, М. Аҳашба, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, насгьы аурыс литература аклассикцәа Н. Гоголь, М. Салтыков-Шьедрин, А. Чехов уҳәа егьырҭгьы.
Асахьаркыратә литература агәыбылра аник, алитератураҿы раԥхьатәи ишьаҿақәагьы аныҟаиҵа нахыс аԥхьаҩцәа дырдырит. Раԥхьаӡа акьыԥхь збаз иажәабжь "Амаҳә" ала мышьҭабзиала алитературахь дымҩахыҵит. Уи инашьҭарххны акьыԥхь рбо иалагеит егьырҭ иҩымҭақәагьы. Иажәабжьқәа раԥхьатәи реизга "Агәахәтәы" (1960) анҭыҵ еиҳагьы аԥхьаҩцәа деицгәарҭеит. Асатиратә ҩымҭақәа даараӡа ишиқәҿиоз шьақәнарӷәӷәеит аизга "Хырбза-кәырбза" (1963). Ароман "Ашәахсҭа" (1966) акәзар, аԥхьаҩцәа ирылаҵәеит, избанзар ихаҭа дызхааныз, дызлагылаз аԥсҭазаара аанарԥшуеит. Аԥсуа ҿар усҟантәи аамҭа изҭанаргылаз ауадаҩрақәа, ахьанҭарақәа қәҿиарала рцәыргара илиршеит.
Алексей Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2022
Аԥсны
Зыԥсҭазаара еибашьрак еиԥш изхызгаз: Алықьса Аргәын игәаларшәара иазкны
Ижәлар рҟазшьа аҷыдарақәа изхысыз-изҵысыз еиламырсӡакәа иахьидыруаз иабзоуроу рацәоуп ирҿиаратә мҩаҿы. Ажәабжьоу "Амзаҿа ангыло" (1974) ари зегьы арҵабыргуеит.
1930-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ҳажәлар зҭадыргылаз, иреиӷьыз рҵеицәа рҭархарала арыцҳарақәа зхызгаз, ӷәӷәала изхьысыз, насгьы урҭ ирыцыз ахьааи агәырҩеи хҭысла ишьақәырӷәӷәаны асахьаркыратә ҩымҭа шьахә аԥиҵеит, ароман хьӡысгьы иаиуит "Аҳәа зыҟәну аџьныш" ҩ-хәҭакны (актәи ҭыжьын 1989 ш., ахәҭақәа аҩбагьы еидкыланы иҭыҵит (2004 ш.). Урысшәала еиҭаганы ианҭыҵ ахԥша акырӡа еиҳахеит, аҭҵааҩцәеи аԥхьаҩцәеи рҟнытә ахәшьара бзиагьы аиуит.
Егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭагоу иҩымҭақәа аԥсуа сахьаркыратә литература аихьӡарақәа аадырԥшуан.
Шь. Аџьынџьал қәҿиарала еилеигӡон ауаажәларратәи арҿиаратәи усура. Иажәабжьқәеи, иажәабжьоуқәеи, ироманқәеи Аԥсны еиԥш, Москва, егьырҭ атәылақәа рҟны урысшәала, латыш бызшәала уҳәа иҭыҵит. Иалкаау иҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа налаҵаны 25 инареиҳаны адунеи рбахьеит. Урысшәала Аҟәа иҭыжьын ироман "Корни" (1978), Москва иҭрыжьхьеит ишәҟәқәа "На обрыве" (1984), "Зуб мудрости", "Дъявол с мечом" (1991), Санкт-Петербург иҭрыжьит "Амзаҿа ангыло" (2011), Рига - "Мисема" (1986). Иажәабжьқәа еиҭаганы ирнылеит ажурналқәа "Крокодил", "Дружба народов", агазеҭқәа "Правда", "Литературная газета", "Советская культура" уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсуа драматургиаҿы акәзаргьы, ашәҟәыҩҩы илшарақәа маҷӡам. С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит ипиесақәа рыла аспектакльқәа: "Аӡыхь абжьы" (1982), "Март 4" (1984), "Апортфел шкәакәа" (1987). Акомедиа "Сара сроль" еиҭаганы иқәдыргылеит Гроднотәи аобласттә драматә театр аҟны (1989), "Аҵарҭыша" акәзар, Даӷьсҭан, Махачкалатәи адраматә театр аҟны (1988).
Аԥсуа кинематографиа арҿиараҿгьы илагала маҷым. Акиностудиа "Мосфильм" аҿы иҭыхын Шь. Аџьынџьал икиносценариақәа ирылху афильмқәа: "Амзаҿа ангыло" (1978), "Иԥшьоу ажьира асаркьал" (1984), "Перекресток" (Зегьеидгылоутәи асатиратә киножурнал "Фитиль" (1984).
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) ҳажәлар иргаз Аиааира агәацԥыҳәара инаҭеит. Ҳажәлар зҭагылаз, ирхыргаз аибашьреи уи ашьаҭахьтәи аамҭа уадаҩи ирыцыз ахынҭаҩынҭарақәа аанарԥшуеит ироман "Ақәыџьмакәашара" (2004). Ааԥхьаҩцәа рнапаҿы ироуит иара убас ирҿиамҭақәа еидызкыло х-томк, насгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ироман ҿыц "Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон" (2015).
Сара агәра згоит "Амзаҿа ангылоуи" "Аҳәа зыҟәну аџьныши" реиԥш иҟоу аҩымҭа ссирқәа рацәаны иаҳзынзыжьыз ашәҟәыҩҩы ҳажәлар рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы ахааназ хашҭра иқәымкәа иреиӷьӡоу ринтеллигенциа рыгәҭа дышгылазаауа, есииуа аҿар ихьӡ шрыциуа!..
Ажәабжьқәа зегьы
0