Аԥсны 153 абжьаратә аҵаратә усҳәарҭақәа ыҟоуп, урҭ рахьынтә 113 ақыҭа ашколқәа роуп. Иааизакны ареспубликаҟны аԥсуа школқәа рхыԥхьаӡара 60 ыҟоуп.
Ҷлоутәи абжьаратә школ азыҟаҵаратә класс ахь инеиз аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара сынтәа 12-ҩык ыҟоуп, актәи акласс ахь ицаз -11 ҩык. Ашкол аҟны сынтәа аҵара рҵоит 127-ҩык, ҵыԥх аҵаҩцәа 133-ҩык ыҟан, лҳәеит ашкол аиҳабы Џьапуаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.