Аԥсны

Археологцәа Аҟәатәи абааҿы аԥхынтә аамҭахҵәахатә жрақәа рыҿҳәара иацырҵеит

Аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абааш" аҵакыраҿы ажрақәа есышықәса имҩаԥыргоит 1999 шықәса раахыс.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Археологцәа Аҟәатәи абааҿы аԥхынтә аамҭахҵәахатә жрақәа рыҿҳәара иацырҵарц рыӡбеит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.
Иара иажәақәа рыла ҩеижәа шықәса ирықәуп афакультет актәи акурс астудентцәа рҵара аԥхынтәи апрактикала Аҟәатәи абааш аҿы ихдыркәоижьҭеи.
Сынтәа апрактика ԥхынгәы 1 азы иалагеит. Мызкы инеиҳаны имҩаԥысуан. Ажрақәа рхы рыладырхәит 40-ҩык астудентцәеи аволонтиорцәеи. Апрактика ашьҭахь аусуцәа рыдыркылеит ажрақәа рыцҵаразы.
Арадио
Габелиа: Аҟәатәи абаагәараҟны абаҳа ыҵаҵаны иаурҳәыр, артефакт уԥылоит
Аҟәатәи абааш – зааӡатәи антикатә аамҭа инаркны ХХ ашәышықәса анҵәамҭанӡа ирыҵаркуа амаӡақәа амоуп ҳәа иҳәеит Габелиа.
"Есышықәса ара акрызҵазкуа археологиатә маҭәарқәа ҳамԥыхьашәоит. Археологцәа рзы иарбанызаалак ҟәырҷахакгьы аҵакы амоуп. Убас, 1999 шықәсазы ара иԥшаан Диоскуриада аамҭақәа ирыҵанакуаз ахаҳәҟьаԥс ахәҭа, ажәытә урым бызшәалатәи аҩыра анҵаны. Аҩыра I-II ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит", – иҳәеит иара.
Уи адагьы аҭоурыхдырыҩ иажәақәа рыла, абаа аҵакыраҿы иԥшаан аурымқәа, абырзенцәа, византиаа рышьҭамҭақәа. Иара убасгьы Қьалашьбеи Чачба иаамҭа иаҵанакуа амаҭәарқәагьы. Габелиа ишиҳәаз ала ароуп иара анышә дахьамадазгьы. Анышәынҭра ашьҭамҭа ырӡын 1938 шықәсазы, аха иҟоу агәаанагарала абааш агәҭа акәын иахьыҟаз ҳәа еиҭеиҳәоит Габелиа.
"Сынтәа ажрақәа ҳахьрылагаз иҟазар ауп ажырҭагь ҳәа агәаанагара ыҟоуп. 400 метр ԥшьыркца аажраны ҳаҟоуп. Сынтәала ҳхықәкы иалҳаршап ҳәа ҳаҟам", - иҳәеит иара.
Аҵарауаҩ игәаанагарала сынтәатәи аԥшаахқәа инарылукааша ракәны иҟоуп абзарбзан дуқәа ҩба.
Аԥсны
XIX ашәышықәса абзарбзан акәзар ҟалоит: археологцәа Аҟәатәи абааҿы ирԥшааз
Габелиа иажәақәа рыла абзарбзанқәа ҭыжьын Урал, 1853 шықәсазы. 1855 шықәсазы Аԥсныҟа иааган.
"Ҟрымтәи аибашьраан аурысқәа иаалырҟьаны абааш аанрыжьыр акәхеит. Сгәанала ара абзарбзанқәа рхыԥхьаӡара рацәам, избанзар баашк ахьчаразы иазхаша роуп иқәдыргылоз", - иҳәеит иара.
Алик Габелиа иҳәеит ишыҟоу агәҭакы – абзарбзанқәа абааш аҵакыраҿы рықәыргыларазы.
Абааш аҿы ажрақәа мҩаԥысуеит Акультуреи Атәылахьчареи рминистррақәа рыдгыларала.