https://sputnik-abkhazia.info/20220730/xix-ashyshysa-abzarbzan-akzar-aloit-arkheologtsa-aati-abaay-irshaaz-1040605412.html
XIX ашәышықәса абзарбзан акәзар ҟалоит: археологцәа Аҟәатәи абааҿы ирԥшааз
XIX ашәышықәса абзарбзан акәзар ҟалоит: археологцәа Аҟәатәи абааҿы ирԥшааз
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи абааҿы имҩаԥысуа археологиатә жрақәа раан иара убас ԥшаатәыс ирымоуп Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра. 30.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-30T13:43+0300
2022-07-30T13:43+0300
2022-07-30T14:23+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1e/1040603216_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_820682bec8d72542d6155eefd28f7c1a.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи абааҿы археологцәа имҩаԥыргоз ажрақәа раан ирбеит XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзан ауп ҳәа агәаанагара зызрымоу аԥшаах, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.Габелиа иажәа иацҵо иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекспедициа Аҟәатәи абааҿы есԥхынра аус ауеит акыршықәса инеиԥынкыланы ҳәа."Есԥхынра ҳара актәи акурс астудентцәа археологиатә практика рзымҩаԥаагоит, сынтәатәи ԥхынгәымзатәи апрактика хҳаркәшахьеит, аха ҳара ҳусура иацаҳҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.Ажрақәа ахьынӡамҩаԥыргоз аҭҵаарадырраҿы азҿлымҳара зырҭаша артефактқәа акыр рыԥшааит. Урҭ макьана аус рыдулатәуп, иҭҵаатәуп иҳәеит аекспедициа анапхгаҩы."Ара еиуеиԥшым амаҭәахәқәа ҳаԥшааит, акыцлыхқәа, аџьаз, ахаҳә ирылху аԥшаахқәа. Аҟәатәи абааҿы ирацәоуп иуԥыхьашәо акрызҵазкуа ажәытә маҭәарқәа, избанзар ари абаҟа археологиатә ҿыгҳарақәа рацәаны иамоуп, заатәи антикатәи аамҭа инаркны XIX ашәышықәсанӡа. Уажәы ҳара XIX ашәышықәса иаҵанакуа аҿыгҳара аус адааулоит", - иҳәеит Габелиа.Археолог иҳәеит Аҟәатәи абааҿы имҩаԥысуа археологиатә жрақәа раан иара убас ԥшаатәыс ишрымоу Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра."Ҳара агәыӷра ҳамоуп ҳусурақәа рҳәаа иҭагӡаны Қьалышьбеи инышәынҭра ашьҭрақәа ҳԥыхьашәап ҳәа", - иҳәеит аҵарауаҩ.Аҟәатәи абааҿы ажрақәа аԥхынра зегьы рымҩаԥгара ргәы иҭоуп.Аҭоурых-архитектуратә баҟа "Аҟәатәи абаа" – иуникалтәу ҭоурыхтә баҟоуп, ара иҟоуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа - ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркни ҳара ҳера XX ашәышықәсанӡеи ирыҵаркуа.
https://sputnik-abkhazia.info/20220718/asny-aourykh-zegy-zgyaakhu-aati-abaay-ashaaraa-1040335481.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220716/azlatsazhasha-amoup-gabelia-aati-abaany-synta-irshaakhou-aty-1040285328.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/1e/1040603216_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_ae5a72f9ade57d284022999afeac9c66.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
XIX ашәышықәса абзарбзан акәзар ҟалоит: археологцәа Аҟәатәи абааҿы ирԥшааз
13:43 30.07.2022 (ирҿыцуп: 14:23 30.07.2022) Аҟәатәи абааҿы имҩаԥысуа археологиатә жрақәа раан иара убас ԥшаатәыс ирымоуп Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра.
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи абааҿы археологцәа имҩаԥыргоз ажрақәа раан ирбеит XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзан ауп ҳәа агәаанагара зызрымоу аԥшаах, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.
"XIX ашәышықәсазы Аҟәатәи абааҿы игылан аурыс ар ргарнизон, ҳара лассы-лассы иаҳԥыхьашәоит абзарбзан хылҳәақәа, уажәы абзарбзан ауп ззуҳәаша ак ҳаԥшааит. Ус зысҳәо, макьана иҵҳамхӡацт ауп", - иҳәеит иара.
Габелиа иажәа иацҵо иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекспедициа Аҟәатәи абааҿы есԥхынра аус ауеит акыршықәса инеиԥынкыланы ҳәа.
"Есԥхынра ҳара актәи акурс астудентцәа археологиатә практика рзымҩаԥаагоит, сынтәатәи ԥхынгәымзатәи апрактика хҳаркәшахьеит, аха ҳара ҳусура иацаҳҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ажрақәа ахьынӡамҩаԥыргоз аҭҵаарадырраҿы азҿлымҳара зырҭаша артефактқәа акыр рыԥшааит. Урҭ макьана аус рыдулатәуп, иҭҵаатәуп иҳәеит аекспедициа анапхгаҩы.
"Ара еиуеиԥшым амаҭәахәқәа ҳаԥшааит, акыцлыхқәа, аџьаз, ахаҳә ирылху аԥшаахқәа. Аҟәатәи абааҿы ирацәоуп иуԥыхьашәо акрызҵазкуа ажәытә маҭәарқәа, избанзар ари абаҟа археологиатә ҿыгҳарақәа рацәаны иамоуп, заатәи антикатәи аамҭа инаркны XIX ашәышықәсанӡа. Уажәы ҳара XIX ашәышықәса иаҵанакуа аҿыгҳара аус адааулоит", - иҳәеит Габелиа.
Археолог иҳәеит Аҟәатәи абааҿы имҩаԥысуа археологиатә жрақәа раан иара убас ԥшаатәыс ишрымоу Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба инышәынҭра.
"Ҳара агәыӷра ҳамоуп ҳусурақәа рҳәаа иҭагӡаны Қьалышьбеи инышәынҭра ашьҭрақәа ҳԥыхьашәап ҳәа", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Аҟәатәи абааҿы ажрақәа аԥхынра зегьы рымҩаԥгара ргәы иҭоуп.
Аҭоурых-архитектуратә баҟа "Аҟәатәи абаа" – иуникалтәу ҭоурыхтә баҟоуп, ара иҟоуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа - ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркни ҳара ҳера XX ашәышықәсанӡеи ирыҵаркуа.