Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны "адгьыл аҭира" атема инадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Атәыла Азакәан Хада – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциаҿы иануп "Адгьыли егьырҭ аԥсабаратә лшарақәеи ажәлар ирхатәны иҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны хархәара рымоуп иагьыхьчоуп атәылауаа рыԥсҭазаареи русуреи шьаҭас иамоу акы аҳасабала" ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны "адгьыл аҭира" атема инадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит, аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла Азакәан Хада – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциаҿы иануп "Адгьыли егьырҭ аԥсабаратә лшарақәеи ажәлар ирхатәны иҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны хархәара рымоуп иагьыхьчоуп атәылауаа рыԥсҭазаареи русуреи шьаҭас иамоу акы аҳасабала" ҳәа. Абасала, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны адгьыл аҭира азҵаара зынӡагьы иқәгылаӡам. Арҭ анормақәа ԥсахра рықәӡам, реиҭахәаԥшрагьы ҟалаӡом", - ҳәа аҳәоит Атәыла ахада иааԥхьара.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аконституциа анагӡара Хәдықәҵаҩыс дшамоу, иара аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҟны иизыԥҵәоу аҿҳәара иҭагӡаны инапы иану ахыдҵақәа рынагӡара ҭакԥхықәра дула дшазнеило.