Аԥсны

Россотрудничество Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ ашәҟәқәа ҳамҭас ианаҭеит

Аҟәа ацхыраагӡатә школ аартын 1974 шықәсазы, уа аҵара рҵоит 146-ҩык аҵаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа Адыррақәа рымш рыдиныҳәалеит.
"Ахәыҷқәа, аиҳаракгьы актәи акласс ахь имҩахыҵыз рзы ари аинтерес змоу шьаҿоуп. Сгәы иаанагоит зегьы иргәаԥхоит ҳәа. Иаҳа еиҳабу ирзеиӷьасшьоит адырра ҿыцқәа, аҩаӡарақәа. Сгәанала, аԥсҭазаараҿы ари аамҭа зегь раасҭа аинтерес зҵоу аамҭоуп", - иҳәеит иара.
Россотрудничество ашкол ианаҭеит 300 шәҟәы- арҵагашәҟәқәа, азбука, асахьаркыратә литература.
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа
Сынтәа ари ашкол аҿы актәи акласс ахь инеиит 13-ҩык ахәыҷқәа. Аныҳәатә цәаҳәа иқәгыланы ирыԥхьон ажәеинраалақәа, ирыдыркылон адныҳәаларақәа, аԥышҭарчқәа ажәҩан ихаларҵеит.
Аҟәа ацхыраагӡатә школ аартын 1974 шықәсазы. Усҟан ара иҟаз ԥшь-класск ракәын. Иахьа жә-класск рҿы аҵара рҵоит 146-ҩык аҵаҩцәа. Ара аус руеит адефектологцәа, аԥсихологцәа, аԥсихиатр, ахәыҷтәы ҳақьым. Ахыбра аремонт азуын 2014 шықәсазы.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит