Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи амчрақәа ЗАЕС зымпыҵазхаларц зҭахыз украинатәи адесант еилаԥырыххааит

Урыстәылатәи аруаа ирылшеит Никопольнтә идәықәлаз украинатәи адесант зҭаз зхала иныҟәо абаржақәа ҩба рӡааҟәрылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Урыстәылатәи амчрақәа Запорожтәи АЕС зымпыҵазхаларц зҭахыз украинатәи адесант еилаԥырыххааит ҳәа рҳәеит Атәылахьчара аминистрраҟны.
Цәыббра акы, ашьыжь, Урыстәылатәи амчрақәа Запарожтәи АЕС зымпыҵазхаларц зҭахыз украинатәи адесант еилаԥырыххааит аиланхарҭа Водианое иахьаҵанакуаз.
УАМ МАГАТЕ аделегациа Запарожтәи АЕС ахь рнеира аламҭалаз ақалақь Енергодар иалахысуан. Ииасыз уахи-ҽни рыҩнуҵҟа 60 жәылара мҩаԥган БПЛАи артиллериеи рыла. Иҭахеит хҩык, аӡәы ахәра иоуит.
Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәеит ишазыхиоу МАГАТЕ аекспертцәа Запорожтәи АЕС ахь рнеира, урҭ ршәарҭадара аиҿкаара.
Урыстәыла ААР ахада иҳәеит Урыстәыла шгәыӷуа МАГАТЕ амиссиа ииашоу алкаақәа ҟарҵап ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
АЕЖәА ахаҭарнакцәа Запорожтәи Атомтә фымцастанциа ари амчыбжьазы иаҭаауеит