Аԥсны

Ашықәс нҵәаанӡа Аԥсни ДжәРи ЛжәРи рыбжьара аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ДжәРи ЛжәРи рхаҭарнакрақәа рхадацәа Ольга Макеевеи Родион Мирошники реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсни ДжәРи ЛжәРи рыбжьара аусеицуреи, аиҩызареи, аицхыррареи рзы аиқәшаҳаҭра аус адулара ахыркәшарахь инеихьеит, анапаҵаҩра мҩаԥгахоит ашықәс нҵәаанӡа, абри атәы иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Ҳара иаҳҭахуп аиқәшаҳаҭра ҵакыла ихарҭәаазарц. Арахь иаҵанакуеит асоциал-економикатә еинырра, адипломатиатә усбарҭақәа реинырра, акультура, аспорт русхкқәа рҟны аинырра, аԥхьагыла ҿарацәа русеицура. Ари ахырхарҭа Аԥсны ахада аҵак ду алкааны иеиҭоит", - иҳәеит Арӡынба.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь иазыԥхьагәаҭахоит Донбасс ареспубликақәа рхаҭарнакра Аҟәа раартра.
Уи адагьы Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа аԥсуа ган адырра рнаҭеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала агуманитартә цхыраара аиҿкаара ишаҿу.
"Ацхыраара егьырҭ аформақәагьы ҳрызхәыцуеит. Донбасс ахәыҷқәа Аԥсныҟа раара ма ареспубликақәа рышколқәа ахылаԥшра рыҭара азҵаарақәа реиԥш иҟоу", - иҳәеит Арӡынба.
ДЖәР ахаҭарнакра ахада Ольга Макеева аԥснытәи аган ҭабуп ҳәа алҳәеит Донбасс аа-шықәса рыҩнуҵҟа ианаҭо ацхырааразы.
"Ацәажәарақәа зегьы амаҭәар ҟазшьа рымоуп, ацхыраара ахьаҳҭаху бзианы еилдыргоит. Иахьа ԥхьаҟатәи ҳусеицуреи ҳаинырреи ҳрылацәажәеит. Агәра згоит ҳаидгылан аиааира шааго", - лҳәеит Макеева.
Аԥсны
Аԥсны АҶА ДЖәР азы агуманитартә цхыраара аидкылара ишалагаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит
Родион Мирошник иазгәеиҭеит Аԥсни Донбасс ареспубликақәеи рбызшәа ак шакәымгьы уадаҩрада ишеилибакаауа.
"Зыӡбахә ҳамаз аиқәшаҳаҭра аҵакы аиуеит, аусбарҭақәеи ауааи рыбжьара асистематә еизыҟазаашьақәа арҿиоит", - иҳәеит иара.
Адипломатцәа инаҵшьны иазгәарҭеит х-ганктәи аизыҟазаашьақәа аԥеиԥш ду шрымоу.