Аԥсны

Урыстәылатәи атуроператорцәа: Аԥсны аԥхынраз 800 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа аҭаахьеит

Акадифаамҭаз Аԥсны ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны атуристцәа рхыԥхьаӡара 12% аиҳахара иазыԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. 2022 шықәса аԥхынтәи амзақәа хԥа рыҩнуҵҟа Аԥсны 800 нызқьҩык атуристцәа аҭаахьеит, абри атәы рҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациаҿы.
Амшын еиқәеи, Балтикатәи амшыни ркурортқәеи, Кавказтәи аминералтә ӡқәа ркурортқәеи рҿы сынтәа ирыдыркылахьеит 13 миллионҩык атуристцәа, Ҭырқәтәыла рыԥсы ршьахьеит 2,1 миллионҩык урыстәылаа.
Уаанӡа иҟаз адыррала Аԥсны акадифаамҭаз еиҳа иалырхуа аҭыԥқәа аԥхьатәи ахәба иаҵанакит.
Аԥсны
Аԥсны акадифаамҭаз аԥсшьаразы иреиӷьу ахырхарҭақәа хәба иаҵанакит