Аԥсны

VII Жәларбжьаратәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" аатуеит жьҭаарамзазы

Жәларбжьаратәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" 2014 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Сынтәа иара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90-шықәса ахыҵра иазкуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. VII Жәларбжьаратәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа-Аԥсны-2022" мҩаԥгахоит жьҭаара 3- 12 рзы, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ауснагӡатә ахылаԥшҩы Мактина Гогьиаԥҳа.
Гогьиаԥҳа лажәақәа рыла ауснагӡатә еиҿкаауп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет амчала. Арзаҳалқәа рыдыркылоит нанҳәа 27 инаркны цәыббра 27 рҟынӡа.
"Ҳара апленер аиҿкаара ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Иааҳаԥхьарц иаҳҭаху асахьаҭыхыҩцәеи ҳареи ҳаиныруеит. Адунеижәларбжьаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны иҟоуп изымаауа, аха Урыстәылантәи есышықәса зхы алазырхәуаз сынтәагьы иаауеит",- лҳәеит лара.
Аԥснытәи астудентцәа инарывагыланы апленер иалахәхоит 70-ҩык рҟынӡа асасцәа.
Гогьиаԥҳа лажәақәа рыла, ауснагӡатә алахәылацәа ауниверситет азеиԥшынхарҭаҿы инхалоит.
Абзиараз, ҭагалан: быӷькаԥсан Аԥсны