Аԥсны

Амҩатә шәарҭадара иалацәажәеит Аԥсны Апрокуратура хадаҟны

Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала атәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рхантәаҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Административтә зинеилагара ахк ҿыцқәа ралагалареи амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса рыцҵареи ирзааҭгылеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала атәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рхантәаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилатәараҟны. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Хықәкыла аилатәараҟны иазааҭгылеит амҩатә шәарҭадаразы иҟоу аҭагылазаашьа аиӷьтәразы шьаҿақәас иҟаҵатәу.
Аилацәажәара алҵшәақәа рыла, уи алахәылацәа ирыӡбеит Аԥсны Жәлар Реизарахь Административтә зинеилагаразы Акодекс аԥсахрақәа алагаларазы ажәалагала нарышьҭырц.
Аԥсны
Аԥсны ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит амҩақәа рҿы аԥыԥшра маӡа ҩаԥхьа амҩаԥгара ишалаго