АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Синоптәи аиҩхааҿы аҩбатәи ацҳа аадыртит мышқәак раԥхьа, абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
"Синоптәи аиҩхааҿы аҩбатәи ацҳа аргылара хыркәшоуп. Актәи ҵыԥх идыргылеит, аҩбатәи - мышқәак раԥхьа иаадыртит. Арҭ ацҳақәа 2018 шықәса раахыс ихымызт. Амшцәгьа аныҟоу аӡы халоит, уи иахҟьаны аҩнқәа жәаҩа рахь анеира алымшо иҟалон", - иҳәеит иара.
Араион ахада иажәақәа рыла, арҭ аргыларақәа рхатә биуџьет аҟынтәи аԥара азоурыжьит, инырхит 2,3 миллион мааҭ.
Иара убас, Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, ауаа уажәы-уажәы ирыҵало Басла аӡиас ацарҭа дрыцқьеит, идыриашеит.
Иара убас Кьалашәыр аӡиас аҿы адамба ақәԥсара иаҿуп Кьалашәыри Ӡыгәҭеи инхо ауааԥсыра аӡы уаҳа ирыҵамлаларц азы. Иара убас араҟа амҩақәа дыриашоит ашколтәи ақыҭа автобусқәеи аныҟәара рылшарц азы. Ӡыгәҭа ашкол аԥенџьырқәа рыԥсахит, аанда аргылара иаҿуп.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, 2022 шықәсазтәи аԥхынра анҵәамҭаз Ӡыгәҭа ақыҭан ишаартыз атуристтә комплекс ду - аглемпинг. Аҭыԥантәии урыстәылатәии аинвесторцәа аусура иаладыргаз апроект иақәхарџьын 70 миллион мааҭ. Араион ахада иажәақәа рыла, апроект авторцәа рхахьы иргеит ашкол иаакәыршаны аанда зыргыло ауасҭацәа аԥара рызшәара, аргыларатә маҭәахәқәа ракәзар - араионтә биуџьет аҟынтәи иаархәоит.