Аԥсны

Ҩыџьа Аԥсны атәылауаа аанкылоуп аныцә ааӡаразы

Анаркотикатә маҭәашьарқәа злоу аҵиаақәа Аԥсны рааӡара ҟалом.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Ашьаусқәа ҩба хацыркуп ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рганахьала аныцә ахьырааӡо азы, абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Каннабис захьӡу анаркотикатә маҭәашьар злырхуа аныцә адацқәа рбеит Лыхны ақыҭан 26 шықәса зхыҵуа Саид Габриа иуҭраҿы. Агәҩара ззыҟоу даанкылоуп.
Иара убас аныцә адацқәа рбеит Гәыԥ ақыҭан 36 шықәса зхыҵуа Ешсоу Шьынқәба иуҭраҿы. Ашьаус хацыркуп, агәҩара ззыҟоу аҩнытә рбаандаҩра иқәҵоуп.